Ахаан иҟамлац: аԥснытәи аҽыҩқәа Краснодартәи аҽырыҩраҟны аԥхьахәтә ҭыԥқәа ргеит

Ԥхынгәы 18 рзы Краснодар имҩаԥысуаз аҽырыҩра "Арабтә дерби" иалахәын Аԥснынтәи аҽҵарақәа фба.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 19 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥснытәи аҽыҩқәа ԥхынгәы 18 рзы Краснодар имҩаԥысуаз аҽырыҩра "Арабтә дерби" аҟны аԥхьахәтә ҭыԥқәа ргеит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит Аҽыбӷаҟазаратә спорт афедерациа аиҳабы Аслан Камлиа.

Еиуеиԥшым абжьаӡарақәа рҟны иҩуан аԥснытәи аҽыҩқәа фба, урҭ рахьтә ҩ-ҽыҩк актәи аҭыԥқәа ргеит, ҩ-ҽыҩк - ахԥатәи, ҽыҩк - аҩбатәи аҭыԥ.

Камлиа: Аԥсны ирааӡази Урыстәылантә иааргои аҽқәа хаз-хазы еицлабуазароуп

"1400 метра иҟаз адистанциаҟны актәи аҭыԥ агеит Ахра Бебиа иҽыҩ. "Арабтәи дерби" - зегь реиҳа зыхә ҳаракны иршьо аиԥхныҩлараҟны - иалахәын Ахра Ашәбеи Адгәыр Ԥачалиеи рҽыҩқәа. Ахра Ашәба иҽыҩ актәи аҭыԥ агеит, Адгәыр Ԥачалиа иҽыҩ - ахԥатәи. 2000 метра иҟоу адистанциаҟны Даур Агәхаа иҽыҩ ахԥатәи аҭыԥ агеит. Сара исааӡаз аҽыҩ 1200 метра иҟаз адистанциаҟны аҩбатәи аҭыԥ агеит. Арҭ рҩызцәа алҵшәақәа ахаан иҟамлацызт", - ҳәа инаҵшьны иҳәеит Камлиа.

Аҽыбӷаҟазаратә спорт афедерациа аиҳабы иазгәеиҭеит аиааира згаз аҽыҩқәа ҩышықәса заҵәык шырхыҵуа, урҭ Аԥсны иааӡан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: