Ан лгәыбылра ахрақәа реиҳа иҳаракуп, аб игәыбылра амшын аҵкыс иҵаулоуп

Аԥсуа ҭаацәараҟны хаҵеи ԥҳәыси ррольқәа рзы лхатәы гәаанагарақәак ҳацеиҩылшоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Sputnik

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аԥсуа ҭаацәара ахыҵхырҭақәа рҟны, жәаҳәарада, дгылан аԥшәма - ахаҵа. Иара еснагь иҭаацәа дрыхӡыӡаауан: иҭаацәара алахәылацәа рыхьӡ-рыԥша амҵәыжәҩа инаҭон, ахыкәалаа изаҩызахон рыхьымӡӷ. Амала аԥшәма имацара ила аҭаацәара зышьақәгылаӡом. Дыҟазароуп аҭаацәаратә бзазара ицеиҩызшаша, иарӷьажәҩаны ивагылаша аԥшәмаԥҳәыс. Наџьнатә аахыс аԥсуа иԥсҭазааратә бзазара, инхара-нҵыра иаҵанакуа аусқәа ҩбаны ишан: аԥҳәыс уси ахаҵа уси ҳәа.

"Дуаҩуп, даамысҭашәоуп": аԥсуара азҵаарақәак ирызкны

Ахаҵа ус иаҵанакуан еиҳараӡак аҩны анҭыҵтәи аусқәа: арахә-ашәахә рныҟәгара, абаҳчааӡара, адгьылқәаарыхра, ацәгьеи-абзиеи рырҽеира, аԥсадгьыл ахьчара уҳәа еиҳа иуадаҩу аусқәа.

Аԥҳәыс ус ҩнусын, уи дацәыхьчан ԥсабарала аԥҳәыс илцәыхьанҭоу аусқәа. Ԥҳәыс усқәан: ахәы-аԥхь аҟаҵара, аҩны-адәны реилыргара, амаҭәа-ҩыҭәеи акҿаҩреи рыӡәӡәара, рыуанҭара, аҩнатә ԥсаатә рааӡара-рхылаԥшра, ахш-хырҵә рҭыԥ ақәҵара, асас хәы аҵәахра уҳәа аҩны иадҳәалоу аусқәа зегьы аԥҳәыс лнапы ианын.

Ишдыру еиԥш, аҭаацәарақәа рҿы ихадароу аусқәа ируакны иҟоуп ахшара ишрыхәҭоу рааӡара. Аԥсуаа ражәа иалаҵаны ирҳәоит: "Ахшара дыбзиахар, дзыхшазгьы дыртәуп, ажәларгьы дыртәуп, дыбзиамхар, дзыхшаз дырзаанхоит" ҳәа. Ари иаҳәоит ахшара рааӡара аԥсуаа жәытәнатә аахысгьы аҵак ду шарҭоз. Аԥсуа ҭаацәарақәа зегьы рҿы ахшара, дыҷкәын-дыӡӷаб, ирыларааӡон ауаҩра, аҳалалра, аиҳабацәа пату рықәҵара, амаашьара, аԥсадгьыли ауаажәлари рыбзиабара.

"Данеицәкьысуа изҳауеит": ан, ахшара, ахшараиура ирыдҳәалоу аԥсуа жәлар разгәаҭарақәак

Ахшара рааӡараҿы акырӡа аҵанакуан анра: аԥҳәыс лоуп аҭаацәа реизҳара зыбзоуроу, ахәыҷқәа зааӡо, ахәышҭаара иахылаԥшуа.

Ан лахь иҟоу аҳаҭыр ҳаракы рнубаалоит ҟәыӷарала иҭәу аԥсуа жәаԥҟақәа: "Ан лҳақ ашәаразы быжь-шықәса баҩлашала дырчалатәуп"; "Ан лҳақ жәагәыжьк ирызгом"; "Ан унап акәтаӷь нанҭәаланы, амца иахакны илзуџьыргьы лҳақ узшәаӡом"; "Ан лажәа ӡы иагом, мца ишамбылуа еиԥш"; "Ан бааԥсы дыҟам"; "Ан дызмам нцәагьы димам"; "Ан лгәыбылра ахрақәа реиҳа иҳаракуп, аб игәыбылра амшын аҵкыс иҵаулоуп"; "Ан лнапы иагьа иҿацазаргьы, ахшара рзы ихаауп"; "Ан лгәыҭбаара ахрақәа реиҳа иҳаракуп"; "Ан лгәыҭбаара лычҳара иалҵшәоуп"; "Зан дзыпҟо шәира иҭахӡам"; "Уан бзиа дубозар, аӡә иан думыцәҳан"; "Ан лнапы иагьа иҿацазаргь, ахшара рзы ихаауп"; "Зан дказыжьыз анышәынҭрагьы дазыҵәахуам"; "Ан илыхшаз гра имаӡам".

Хә-ҟазшьак аазырԥшуа: аԥҳәыс лроль аԥсуаа ртрадициатә культураҿы

Аиашазы, ан еснагь лыхшара ирзеиӷьхара дашьҭоуп, урҭ драцәҳаргьы, лгәы аныԥжәалак, илшәиргьы дара бзиахарц азоуп изыҟалҵо, даҽа ҵаҵӷәык амаӡам. Ҳажәлар ражәаҳәаҿы ахархәара змоу жәаԥҟоуп "Ажә ашьапы аҳәыс ашьуам", ари ажәаԥҟа иашьашәалоуп даҽа жәаԥҟакгьы - "Ан лышәи ахшара дагом". Ан лгәыбылреи лыбзиабареи арҭ аҩ-жәаԥҟак рыхшыҩҵаки заманалаҵәҟьа ианыԥшуеит "Ан лнапы" ҳәа хьӡыс измоу жәлар рҳәамҭаҟны. Уи алагоит абас:

"Аӡәы иԥҳәыс дацәнымхаратәы дычмазҩын. Лыԥсраамҭа данхықәгыла, ус иалҳәеит лхаҵа: "Сара санԥслак, иагьа сугәырҩаргьы, знымзар-зны ԥҳәыс дааумгар залшом. Аԥҳәыс иаауго сара сеиԥш ҳаҷкәын лгәы изыбылуа, дылҭаххауа дҟалашам. Дизгәааны диацәҳар, длыпҟар ҟалоит. Суҳәоит, санԥслак, снапы хҵәаны, ацәа ақәыршәны, иҭаӡахны, џьара икнаҳа. Иаауго аԥҳәыс аҷкәын длыпҟозар, снапы ихҵәаны иҟоу ала дылпҟааит!" - ҳәа.

Иԥҳәыс данԥсы ашьҭахь илҳәаз ауасиаҭ наигӡеит, ишылҳәазгьы иагьыҟалеит. Ахаҵеиба иааигаз аԥҳәыс лԥаԥса ипҟара даналага, дикьысаанӡа иҽиргәыӷьуан. Ари збаз лыԥшәма ус иҳәеит: "Аҷкәын дбыпҟозар, абри икнаҳау ала дыпҟа", – ҳәа.

Ҽнак данизгәаа, лхаҵа илирбаз ала аҷкәын ипҟара далагеит. Ӷәӷәалагьы длыпҟеит. Анԥса еиҳагьы дзыраапкуаз, аҷкәын ахьҿимҭуаз, аҟыт ахьимҳәоз акәын. Иџьашьаны лхаҵа дизҵааит: "Измааноузеи уи?" - ҳәа.

Аԥсуара: аҵас, ақьабз, алеишәа

Ахаҵа убас аҭак лиҭеит: "Уи зыбзоуроу дызлабыпҟо ауп. Уи иан лнапоуп, ан лнапы аҷкәын дашьуам", – иҳәеит. Ажә ашьапы аҳәыс ашьуам ҳәа ирҳәо ажәаԥҟагьы абри аҳәамҭа иахылҿиааит.

Астатиаҿы еиҳа иналкаан ан лџьабаа сшалацәажәогьы, аҭаацәара рышьақәгылара, ахшара рааӡара зынагӡахом аб иныррада. Аҭаацәа реиҳабы изку ажәаԥҟақәа рахьтә иалҳкаар ҳалшоит "Аб ишьҭа аԥа дхылоит", "Аб инижьыз аԥа иԥылоит", "Уаб дыԥсыр, иҩыза дкаумыжьын", "Уаб иаҳаҭыр уԥа иузиҵәахуеит", "Ахаҵа дхагылаҩуп, аԥҳәыс деиҿырцааҩуп", "Ахаҵа бзиа аԥҳәыс лзы дыцҳауп", "Ахаҵа бзиа дызмоу аԥҳәыс дажәӡом".

Иуҳәар алшоит ахаҵеи аԥҳәыси ыҟазароуп ихеибарҭәаауа, иаку механизмны. Убри азоуп аԥсуа ҭаацәара аиҿкаараҿы зегь раԥхьа издыргылоз ахаҵеи аԥҳәыси рҳаҭыреиқәҵара. Уи атәы шьақәзырӷәӷәоз аҿырԥштәқәа ируакуп ахьыӡшьара. Ахаҵа иԥшәма лзы "Аҩны иҟоу", "Аԥшәма ԥҳәыс", "Ахәыҷқәа ран" ҳәа акәын ишиҳәоз. Ларгьы "Аԥшәма", "Ари", "Ахәыҷқәа раб" ҳәа акәын ишылҳәоз. Уи патуқәҵаран, ламысын, ахәыҷқәа рааӡараҿы иреиӷьыз ҿырԥшыган.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: