Агәы зҩыда – хаҿычча: ацәеижьхәҭақәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи

© Sputnik / Томас ТхайцукАгәы зҩыда – хаҿычча: ацәеижьхәҭақәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи
Агәы зҩыда – хаҿычча: ацәеижьхәҭақәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацәеижьхәҭақәа ирыхҳәаау аԥсуа жәлар ражәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи ртәы ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Шәышықәсала, зқьышықәсала ҳажәлар абиԥарала инеимда-ааимдо, имырӡкәа иааргоз ажәаԥҟақәа мҩашьарада ирзуҳәар ауеит ауаҩытәыҩса ицәажәара аан ииҳәарц ииҭаху, ахшыҩҵак аазырԥшуа цхыраагӡоуп ҳәа.

Ҩырк еибашьуан, Ҳабыџь дцәаӷәон: ахатәы хьыӡқәа ирыдҳәалоу ажәаԥҟақәа - Sputnik Аҧсны
Ар еибашьуан, Ҳабыџь дцәаӷәон: ахатәы хьыӡқәа ирыдҳәалоу ажәаԥҟақәа

Ҳаԥсуа поет, ашәҟәыҩҩы Борис Гәыргәлиа ажәаԥҟақәа ирызкны абас иҩуан: "Ажәаԥҟа – аџьыка иаҩызоуп. Аџьыка змам афатә агьама шамам еиԥш, ажәаԥҟа змам ацәажәарагьы, ацәажәаҩ ииҳәо ажәабжьгьы гьамадоуп. Убри азы акәхап аԥсуаа рыҟны жәытәнатә аахыс аҿаԥыц бзиа змаз, "ажәала ақәаб зыршуаз" ззырҳәоз ацәажәаҩцәа ҟазацәа рцәажәара ахьҟәыршәацқәа реиԥш ажәаԥҟақәа загәылԥхоз, ражәабжь, рцәажәара мроукәа, жәаԥҟала ихырҷаны изхдыркәшоз."

Икьаҿу, еилымшәо еилацаланы иҳәоу, еснагь ҳәоук ашәага-зага иҭаӡо, ахшыҩҵак сахьаркны, игәылыршәаны иаазырԥшуа ажәаԥҟақәа хыԥхьаӡарала ирацәоуп. Убарҭ рҟнытә иалыскаарҵ сҭахуп ацәеижьхәҭақәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи.

Абз агәы иаҭырџьмануп

Ауаҩы ииҭаху, игәы зыҳәо, ихшыҩ иаӡбо ауп дызлацәажәо, ииҳәо. Ацәажәареи ахәыцреи шеимадоу аныԥшуеит ажәаԥҟа.

Абз ауаҩы дахәуеит, дагьахәшәтәуеит

Ауаҩы ақәнамга, ажәа бааԥс иауҳәар, мыцхәы игәы иалсуеит, даргәаауеит, "игәы ахәуеит". Ажәа бзиа, ажәа хаа – ауаҩы игәы иахәоит, игәалаҟазаара бзианатәуеит, игәаҟра, игәырҩа, маҷк иадамхаргьы, иханаршҭуеит.

Аԥсуа бырг - Sputnik Аҧсны
Гәымаа рысакаса акаԥатәык иҽанижьлон: аԥсыуа жәаԥҟақәак рҵаки рхархәашьеи

Ажәа бааԥс агәы аршуеит, ажәа ҟәыш ахәра арӷьоит

Ажәа бааԥс ауаҩы игәалаҟазаара бжьнахуеит, адунеи ақәзаара иҭахымкәа дҟанаҵоит. Ажәа бзиа, ажәа хаа ауаҩы игәырҩа, ихьаа иханаршҭуеит, игәы ҟанаҵоит.

Ажәа хаа абз арҩом

Ажәа бзиа, ажәа хаа уара акгьы иуԥырхагам, изоуҳәо, иузыӡырҩуа игәы иахәоит, ихәрабӷьыцхоит.

Ажәа ҟәыш алымҳа рацәоуп

Ажәа бзиа, ажәа хаа, ажәа ҟәыш иазыӡырҩуа рацәаҩуп.

Зыбз хаау асыс ианугьы ианарцәоит, ианымгьы ианарцәоит

Зыбз хаау, зҟазшьа, злеишәа бзиоу ауаҩы иуоугьы-иуамгьы ҳаҭыр иҟырҵоит.

Абз ӷәрас иамоу хшыҩуп

Ауаҩы иакәым измырҳәо, измырҟаҵо, аҽынкылара изҭо ахшыҩ ауп, ииашаны ахәыцроуп. Ауаҩы ихшыҩ зеиԥшроу, ихәыцшьа шыҟоу ауп ицәажәашьагьы шыҟало.

Зҵыхәа зыршәшәо ибз уацәшәа

Мыцхәы узырҽхәо, иумҵақьақьо ианумаҳауа иакәым узиҳәар, узиур алшоит, уи игәра гатәӡам.

Абз иаҳәынҷо амахәҿа иазынкылом

Ауаҩы мчыла дыршәаны аҵкыс, дыргәыбзыӷны, игәшәымшә ҳәаны даанукылоит, ацәгьара даԥурҟәҟәаауеит.

Традиционная пахота в с.Бармыш - Sputnik Аҧсны
"Илауҵо ауп иааурыхуа": ахандеира иадҳәалоу аԥсуа жәлар ражәаԥҟақәа

Зыбла аарту аԥшәма ихәашагьы ҿаҵоуп

Зыбла хту, игәырӷьо иуԥылаз аԥшәма, фатә бзиаӡак изцәырымгаргьы, изфо-изжәуа ҳаҭыр ақәҵаны, еигәырӷьаны ирыдыркылоит.

Аблақәа еишьцәоуп, аха изеибабом

Гәыла, шьала-дала еизааигәоу ауаа анзеилибамкаауа, ма ианзеибамдыруа, абас рҳәоит.

Агәы зҩыда – хаҿычча

Ауаҩы гәыраз, ауаҩ қьиа, згәы ацәгьа ҭам еснагь ихаҿы еихаччоит, игәыразра ихаҿы ианубаалоит. Убри ауп ажәаԥҟа иҳанаҳәо.

Ахәраҭыԥ ӷьаргьы, абзҭыԥ ӷьом; Ахҭыԥ еималоит, ажәаҭыԥ еималом; Аҳәызба аҭыԥ ӷьоит, аха абз аҭыԥ ӷьаӡом

Ауаҩы ишихәҭам уизныҟәар, аиакәым изуур, ажәа бааԥс иауҳәар, дыԥсаанӡа ихашҭуам. Ауаҩы уеисыр, духәыр ихашҭыр ҟалоит, аха ажәа бааԥс иауҳәар ихашҭӡом, игәы иҭазаауеит. Уи ауп иҳабжьырго арҭ еиқәыԥхьаӡоу ажәаԥҟақәа.

Агәы иҭоу абз иазыҵәахуам

Ауаҩы игәы иҭоу знымзар-зны иамхаҳәоит (иаҳҳәап, арыжәтә илыжжыр, ма дгәаар), уи атәы шьақәнарӷәӷәоит жәлар ражәаԥҟагьы.

Снимок в библиотеке Колледжа Иисуса в Кембридже фотографа Sara Rawlinson, попавший в шортлист конкурса Historic Photographer of The Year 2018 - Sputnik Аҧсны
Ирхәыцгоу, ихшыҩԥышәагоу: аԥсуа жәлар рцуфарақәак ирызкны

Идыру ахьӡ абз бааԥс иазыҟьашьуам

Идыру, инагоу, зыхьӡ бзианы игахьоу, иагьа цәгьа изуҳәаргьы, иагьа ибааԥсны уихцәажәаргьы, акгьы иԥырхагаӡам, уи дзакәу, дзыԥсоу ажәлар ирдыруеит.

Ажәлар рыбз хәшәуп

Ажәлар ааизаны излацәажәаз, ирыӡбаз ауаҩы амҩа бзиа дықәнаҵоит, дарманшәалоит. Аиӷацәа, ашьа зыбжьоу ауаҩ бзиа дрыбжьацәажәар, дрыбжьаҟазар, еинираалоит.

Алашә ииҭаху - ҩ-блакы

Досу имам ауп дзызхьуа, иоурц ииҭаху. Ауаҩы ииҭаху, дзызхьуа, игәы зыҳәо аус узыҟасҵеит ҳәа иауҳәар, абас иҳәоит.

Имааибуа улымҳа рыдҵа, еисуа – ухшыҩ

Имааибуа еимаркуа, изымааибуа еилкаатәуп, убри азы урзыӡырҩыроуп. Аисра аҟынӡа инеиз ауаа еиныршәатәуп, хшыҩла ирыбжьаҟазатәуп.

Амшә зааӡаз инапы ҿнаҳаҳауан

Абзиара ззууз, ацәгьара узиур, иакәым ала дузныҟәар, абас рҳәоит.

Аԥслаҳә лымҳа умаз, аҽырдагәарагь удыруаз

Укәша-мыкәша иҟоу, ирҳәо-ируа зегьы удыруаз, аха зегьы урызмыҵҟьан, иуаҩыжь, ичҳа - абас еиԥш иҟоу абжьгарақәа агылаҵәахуп ажәаԥҟа.

Зыбла хызҩаз мшаԥы имбаӡакәа ицеит

Ауаҩы ихәҭоу имҳәар, иахьихәҭоу дымцар, иқәнага ҟаимҵар, иҽиргаӡар, абас рҳәоит.

Аԥсраҿы зхы иасуа зегьы рылаӷырӡ еиԥшызҭгьы – акәыба арӡсон

Аԥсраҿы иаауа, иудышшыло зегьы агәаҟра узықәшәаз еиԥшны ргәы иалсуам. Уимоу, џьоукы иухьыз, узыниаз ацәгьара ргәы иалсӡаны иҟазшәа удырбоит, арахь гәаныла "ргәы ашша кыдлоит". Убас иҟоу ауаа ирзырхоуп ас еиԥш иҟоу ажәаԥҟа.

Старейшая жительница абхазского села Кутол Хьфаф Кутол во время встречи с школьниками. - Sputnik Аҧсны
Ацу ҳфеит, ацу ҳфеит, ахьаҭра ахьаҩ ааҭҳаргеит: аԥсуа цуфарақәа рҵаки рхархәашьеи

Аԥҳәызба лымҳала аҵкыс блала дҳәа

Аԥҳәызба иагьа дуддырҽхәаларгьы, иагьа лыӡбахә бзианы иуаҳаргьы, ухаҭа дубароуп, еилукаароуп лҟазшьа зеиԥшроу, насоуп дануҳәаша.

Иуҭахым ауаҩы ицламҳәа ашьҭыбжь дыдбжьҵас иуаҳауеит

Иуҭахым, иуцәымӷу ауаҩы гра бааԥсыс иҟоу зегьы имоушәа убоит. Убри атәы ҳанаҳәоит ажәаԥҟа.

Ахы ыҟазар, ахылԥа ахалоит

Ауаҩы ахы-ахшыҩ имазар, амал-ашьал уҳәа иԥсҭазаара еиҿикаауеит.

Уҳаразкуа рыбӷа уқәымтәан

Иуцхраауа, абзиара узызуа, абзиара узызҳәо ҳаҭыр рықәҵа.

Аҵыбра зцәымӷу иԥынҵа иҭиаауеит

Ауаҩы ииҭахым даниқәшәалак, даниԥылалак, мамзаргьы ицәымӷу акы данақәшәалак, абас иҳәоит.

Аҽы ԥшь-шьапык аҵоуп, аха ишьацәхныслоит

Ари зҵакы еиҭарсны иҳәоу жәаԥҟоуп. Гха ҟазымҵо, машәыр иақәымшәо аӡәгьы дыҟаӡам. Агха ҟазҵаз ианажьуа, абас рҳәоит.

Абџьар гәыда алаба иаҩсуам

Ашәыргәында иагьа бџьар бзиа икызаргьы, ихы изархәаӡом.

Аиашьа ашьа даҩызоуп, агәыла – агәы

Агәыла бзиа аешьа ицнаигоит, уимоу зны-зынла еиҳагьы духәар алшоит. Ԥсрак-бзарак акы уанақәшәалак, уҭынхацәа еизаанӡа, цхыраара ҳәа иаразнакы иузнеиуа, иааувагыло агәыла иоуп. Аԥсуаа уи пату ақәаҳҵоит, даҽакала "агәыла агәы даҩызоуп" ҳҳәоит.

/Астатиа аҩраҿы ахархәара азун В. Касланӡиа, Џь. Миқаиа еиқәдыршәаз "Аԥсуа жәаԥҟақәа реилыркааратә жәар"/.

Ажәабжьқәа зегьы
0