Москватәи Аолимпиада мҩаԥысижьҭеит 40 шықәса ҵит. Аартра ацеремониа мҩаԥган 1980 шықәса рзы, астадион "Лужники" аҿы ԥхынгәы 19 рзы.
Sputnik
Аолимпиатә еиндаҭларақәа ирылахәын аԥснаа. Урҭ дыруаӡәкын Виктор Санеев. Радио Sputnik аинтервиу аҭо, иара далацәажәеит Аԥсны испорттә ԥсҭазаара шымҩаԥысуази "Олимпиада-80" дшалахәызи.
Ашьапылампыли ахәыҷреи
Виктор Санеев иҭаацәа Ставропольтәи атәылаҿацә иатәын. Заԥхьаҟа ичемпионхараны иҟаз Виктор диит Аҟәа, жьҭаара 3, 1945 шықәса рзы. Аԥшьбатәи акласс аҟынӡа аҵара иҵон абжьаратә школ №8 аҟны.
Виктор иаб 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәылан, динвалидын. Аҭаацәара рматериалтә ҭагылазаашьа иахҟьаны Гаграҟа ашкол-интернат ахь диаган.
"Ари аинтернат аҿы акәын зҭагылазаашьа уадаҩыз аҭаацәарақәа рхәыҷқәа ахьрыдыркылоз", - иҳәоит Санеев, Sputnik аинтервиу аҭо.
Иҩызцәа зегь реиԥш Викторгьы ашьапылампыл бзиа ибон. Хәышықәса ихыҵуан ашьапылампылтә секциахь аныҟәара даналагаз. Хара имгакәа ашкол аҿы ирылукаауаз хәмарыҩхеит, дызлахәыз акомандагьы Гагра иреиӷьыз ҳәа иршьо иҟалеит.
Аинтернат далган аҩныҟа даныхынҳә, Виктор аремонт-механикатә зауад аҿы аусура далагоит, амҵәышәмпыл игәы азцо дҟалоит.
"Аспорт сыԥсҭазаара иабжахеит. Усҟан Аҟәаҟа иаауан Асовет Еидгыла еизгоу акомандақәа. Сылала дызбахьан аолимпиатә чемпион Игор Нетто (асовет шьапылампыласыҩ, ахоккеист) астадион "Динамо" аҟны Аҟәа даныхәмаруаз. Ампылқәа астадион анҭыҵҟа ианцоз, сҩызеи сареи урҭ ҳӷьычуан. Амҵәышәмпыл бзиа избон, атлетика ласы салан", - ҳәа еиҭеиҳәоит Санеев.
Зегьы иеицгәарҭеит амҵәышәмпыл аҿы Виктор илаз аҟыбаҩ. 1962 шықәса рзы Виктор Санеев Аԥсны еизгоу акоманда далахәылахеит. Иара игәы ззыҳәоз СССР акоманда алахәхара акәын.
Аха Санеев ари амҩа дзанымлеит. Азыҟаҵаҩ Акоп Керселиан лаԥшы ҵарыла иҵибааит аԥара бзианы ишицааиуаз, хынтәтәи аԥаразы алшарақәа шимаз.
"Сҩызак иаҳәшьа атлетика лас далан. Саргьы астадион ахь сныҟәалон. Усҟан азауад аҿы аус зуан. Акоп Самвел-иԥа аабатәи ашкол санҭаз аахыс сидыруан. Усҟан 10 шықәса ракәын исхыҵуаз. Урыла аԥараҿы 4 метрак сылсыршон. Ус шакәызгьы, атлетика лас ахь сыднагалеит 16 шықәсаҟа анысхыҵуаз", - ҳәа еиҭеиҳәоит иара.
Актәи арекордқәа
1963 шықәса рзы Виктор Санеев ақәыԥшцәа рыбжьара 3 рекордк шьақәиргылеит: 100 метрак аҩраҿы, хынтәтәи аԥараҿы, урыла аԥараҿы. Шықәсык ааҵуаны СССР еизгоу акоманда далахәылахеит, Европатәи ахәмаррақәа рҿы араӡны медалқәа ианашьахеит. Абри ашьҭахь СССР дачемпионхеит.
1968 шықәса рзы Мексика имҩаԥысуаз аԥхынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа аԥснытәи аспортсмен изы ираԥхьатәихеит, ақәҿиарагьы ааирԥшит. Аквалификациатә еиндаҭлараҿы италиатәи аспортсмен Джентилле адунеитә рекорд шьақәиргылеит хынтәтәи аԥараҿы – 17 метраки 10 сантиметраки, афинал аан иара даҽа 12 сантиметра рыла ирекорд еиӷьитәит.
Ари аҭакс Виктор Санеев арекорд ҿыц шьақәиргылоит - 17 метра 39 сантиметра дыԥоит.
"Сыԥсҭазаараҿы ари Аолимпиада аиԥш ыҟамызт, схаҭа сахьаиааиз акәым, хҩык асовет спортсменцәа ахьтәы медалқәа ҳанашьахеит. Арҭ ахәмаррақәа рҿы ишьақәыргылан адунеитә рекордқәа хәба. Уиижьҭеи 52 шықәса шыҵхьоугьы, уаҳа атлетика лас аҿы асеиԥш ҟамлеит", - ҳәа еиҭеиҳәоит Санеев.
Актәи Аолимпиадаан ианашьахаз аолимпиатә чемпион ихьӡ ҳарак Виктор акала дамԥсахит.
72-тәи, 76-тәи ашықәсқәа рызтәи Аолимпиадақәа
Миунхентәи аолимпиадаан, 1972 шықәса рзы Виктор Санеев ицназгоз дыҟамызт. Актәи аԥышәараан иааирԥшит 17,35 метра аԥара шилшоз.
"Аолимпиадақәа рыбжьара 4 шықәса ибжьоу рацәамшәа иҟоуп, аха аспортсмен изы уи ҽакала иҟоуп, даҽа аамҭоуп, аҽазыҟаҵара дуӡӡа аҭахуп", - ҳәа иҳәоит Виктор Санеев.
Виктор ахьтәы медал анианашьахаз аҽны, цәыббра 5 рзы атеррористтә палестинатә еиҿкаара "Черный сентябрь" Израиль акоманда алахәылацәа ирықәлеит. Иҭахеит 17-ҩык: 11-ҩык акоманда алахәылацәа, аполициауаҩ, атеррористцәа хәҩык.
"Шасыс иргаз ирылан ҳтәылаҟынтәи Израиль ицахьаз, уи акоманда иалахәыз ҳҩызцәа. Аҩбатәи аихагылаҿы автомат зкыз ауаҩы дызбеит. Сызнеизгьы сыздырам…" - ҳәа игәалаиршәоит Санеев.
Аолимпиада-80
1980 шықәсазы Москва имҩаԥысуаз Аолимпиадаҿы Виктор Санеев иоуп астадион ахь Аолимпиатә мца кны иқәлаз. Уи амца нас ииҭеит амҵәышәмпыласыҩ Сергеи Белов. Белов Москватәи Аолимпиада амца аиркит.
"Ари ҳаҭыр дуун, аха иагьыхьанҭан. Уаанӡа арепетициа хада мҩаԥган. Хәымш рышьҭахь сықәгылараны сыҟан. Ус шакәызгьы, араӡны медал агара сылсыршеит. Аспортсмен изы Аолимпиада еибашьрак иаваҟәалоит", - иҳәеит иара.
Московатәи Аолимпиада ашьҭахь Виктор Санеев ақәгыларақәа дырҟәаҵны азыҟаҵаҩ иус ахь диасит.
"Сара усҟан 35 шықәса схыҵуан. Атлетика ласы азы ари қәра маҷым", - ҳәа азгәеиҭеит Санеев.
Аамҭақәак рышьҭахь Виктор Санеев Австралиаҟа усура днарыԥхьоит. Иԥҳәыси иареи уахь нхара ииасуеит, иахьагьы уа инхоит.
Виктор Санеев 75 шықәса ихыҵуеит, иусура шьҭеиҵахьеит, аха атлетика ласи ачемпионцәа ҿыцқәеи илаԥш рхуп.
XXII Аԥхынтәи Аолиvпиатә хәмаррақәа раартраҟынтәи афотоқәа шәрыхәаԥшыр ҟалоит абра>>
Москватәи ахәмаррақәа риубилеи: Аолимпиада-80 гәырӷьарыла аартра
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Шьалашьаа еиҭеиҳәеит Аолимпиада-80 аҿы ихамышҭӡо дзықәшәаз ахҭыс атәы
Аршба: Аԥсны хырхарҭа рацәала иҟоу аспортаизак ҳмоур ҟалом
Ҳашыг еиҭеиҳәеит аԥсшәа иабзоураны Аолимпиада-80 аицлабрақәа руак Москва ишибаз