Sputnik апроект ҿыц аусура хацнаркит

Анапаҵаҩра
Амультимедиатә проект ҿыц – Асовет Еидгыла атәылақәеи Москвеи рҟны аус зуа Sputnik аредакциақәа 13 русеицура иалҵшәоуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 20 - Sputnik. Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik аԥхынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа ратмосфера ҭнаҵаауеит ахҭыс иалахәызи усҟан инхози рҭоурыхқәеи ргәалашәарақәеи рыла.

Заҟа рыхҭынҵаз Аолимпиатә уснагӡатәқәа? Асовет медалистцәа ироуаз аԥара иалаархәоз? Аолимпиада ашәарҭадара шԥеиҿкааз? Ирымазма адин иацныҟәоз аспортсменцәа атеист тәылаҿы рдин амаҵ аура? Абарҭ зегьы рҭак аиура ҟалоит апроект ҿыц "Москва-80: Ретро-tube" аҟны. Апроект азнархиеит амаҵзура Sputnik Аолимпиатә хәмаррақәа 40 шықәса рхыҵра аламҭалаз. Ари амультимедиатә проект ҿыц – Асовет Еидгыла атәылақәеи Москвеи рҟны аус зуа Sputnik аредакциақәа 13 русеицура иалҵшәоуп.

Апроект аусура ахҳәаа аҭо, МИА "Россия сегодня" адиректор хада Андреи Благодыренко иазгәеиҭеит: "Ари апроект аспорт аасҭагьы усҟантәи аамҭоуп изызку, усҟантәи аамҭазы Аолимпиада-80 иналукааша ахҭысқәа ируакуп. Џьоукы иргәалаҳаршәоит урҭ аҭоурыхқәа, даҽа џьоукы – ирзеиҭаҳҳәоит ирзымдыруа. Апроект аҿы ахархәара рымоуп иахьынӡалшо аформатқәа зегьы: ажәабжь, агәалашәара, архивтә материалқәа, аинтерактивтә инфографика, зегь инарылукааша - асериал "Москва-80: Ретро-tube".

"Москва-80: Ретро-tube" – иформатрацәоу проектуп. Иара ҵаҵӷәыс иамоуп – асериал маҷ: Ҭина Канделаки, Дмитри Пучков (Гоблин), Дмитри Губерниев, атревел-блогер Михаил "Поехавший" Ронкаинен уҳәа мҩаԥгаҩцәас измоу. Дара еиҭарҳәоит Аолимпиада СССР ажәлар рыԥсҭазаара анырра шанаҭаз, ҿыцрас ицәырнагаз, амаҵзура ҷыдақәа ашәарҭадара шеиҿыркааз. Авидеороликқәа, атекстқәа, аинтервиуқәа, аинфографика кьыԥхьхьоит Sputnik асаитқәа 13 рҿы, Sputnik урысшәалатәи YouTube аҿы, Sputnik ателеграм-каналқәа рҿы, аофициалтә аккаунтқәеи асоциалтә ҳақәеи рҿы.

Руслан Хашиг - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳашыг еиҭеиҳәеит аԥсшәа иабзоураны Аолимпиада-80 аицлабрақәа руак Москва ишибаз

Аматериалқәа разырхиараан Sputnik ажурналистцәа ирыԥшаауеит Аолимпиада аамҭа иофициалтәым аракурс ала. Апроект авторцәа ишырҳәо ала, дара ирылшеит аинтерес змоу аҭоурыхқәа рыԥшаара: иаҳҳәап, Минск аолимпиатә мца аӷьычра аҽазышәара шыҟалаз, КНДР аделегациа акоманда алахәылацәа руаӡәк иқәыӡбара уҳәа реиԥш иҟақәоу.

Апроект ахәҭак азкуп асовет республикақәа Аолимпиада рыҽшазыҟарҵоз, аҽазыҟаҵаратә базақәа русура. Ареспубликақәа рҟынтәи Аолимпиада ахьымҩаԥысуаз ақалақьқәа - Минск, Ленинград, Таллин амҩа иқәын аргыларатә материалқәа, афатә-ажәтә, аиҭагаҩцәа, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа, амузыкатә коллективқәа, ахәыҟаҵаҩцәа. Sputnik асаитқәа ироуеит иуникалтәу рхатәы контентқәа.

Sputnik – 33 бызшәа рыла иҟоу аинтернет-саитқәа еидызкыло иналукааша жәларбжьаратәи амассатә-информациатә хархәагоуп, аналогтәи ацифратәи радиодырраҭарақәа 90 қалақь инареиҳаны рахь ацәқәырԥақәа нарышьҭуеит. Ажәабжьқәа уахи-ҽни иҭыҵуеит англыз, араб, аиспан, акитаи, фарси абызшәақәа рыла. Sputnik аудиториа мызкахьы 80 миллионҩык рҟынӡа инаӡоит, Sputnik асоциалтә ҳақәа рҟны аккаунт анапаҵаҩцәа 20 миллионҩык рҟынӡа ыҟоуп. Бишкек инаркны Кишиниовнӡа, Пекин инаркны Монтевидео аҟынӡа аредакциақәа 24 рҿы аус руеит зықьҩык инареиҳаны еиуеиԥшым амилаҭқәа рхаҭарнакцәа. Sputnik амедиагәыԥ "Россия сегодня" иаҵанакуеит. Sputnik аофис хада Москва аус иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0