Аԥсназы акыр зылшаз ирызкны: ашәҟәы "Аҳаракырахь амҩа" аӡыргара шымҩаԥысыз

Ашәҟәы "Аҳаракырахь амҩа" ҭыжьуп автор лхарџь ала, уи еиқәыршәоуп ҩ-бызшәак рыла - аԥсышәалеи урысшәалеи. Атираж 400 цыра ыҟоуп.
Sputnik

Ашәҟәы рызкуп Аԥсны аҭоурых ашьақәгылараҿы аџьабаа ду збаз Аԥсни Ҟарачы-Черқьесиеи рҟны еицырдыруа ауаа. Раԥхьатәи адаҟьақәа аатуеит Аԥсны ахадацәа ирызку анҵамҭақәа рыла.

Аӡыргарахь ааԥхьара рыман адаҟьақәа рҿы зыӡбахә аагоу афырхацәа рахьтә аӡәырҩы.

Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥснытәии Ҟәбантәии аҳәынҭқарратә университетқәа ажурналистика акафедрақәа рпрофессор, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәеи ажурналистцәеи реидгылақәа рхаҭарнак Екатерина Бебиаԥҳа иҭлыжьхьеит 40 инареиҳаны ашәҟәқәа.