Ԥшьымз ирықәуп Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аркуижьҭеи. Раԥхьатәи аԥкырақәа араҟа иалагалан хәажәкыра 28 рзы, акоронавирус аламырҵәара хықәкыс иҟаҵаны.
Аханатә аҳәаа адыркит мшаԥы 20 рҟынӡа. Аха уи ашьҭыхь изныкымкәа аҿҳәарақәа ирнахон.
Абри аамҭа иалагӡаны Аԥсны акоронавирус рыхьит 38-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә 37-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы – 96 шықәса ирҭагылаз аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит.
Аԥсны COVID-19 зцәа иалаз зегьы рхәышәтәуан Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы. Аҵыхәтәантәи апациентцәа ылрыҩааит ԥхынгәы 14 рзы.
Ԥхынгәы алагамҭазы атәыла ахада Аслан Бжьаниа иҳәеит атәылаҿы иманшәалоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа шышьақәгылаз, аҳәаа аартрагьы ишазыхиоу. Аха Аԥсны мацара аҳәаа аанартит ҳәа ҵакыдоуп, урыстәылатәи агангьы ақәшаҳаҭхароуп ари аус.
Аҳәаа аркра Аԥсны аекономика аԥырхага ӷәӷәа анаҭеит. Сынтәа атуристтә аамҭа заламгеит. Ауааԥсыра реиҳарак атуризм аҟнытә хашәалак роуан. Ари аусхк рнапы алакуп 20 нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Аԥхын аамҭа аиҳарак шымҩасхьоугьы, ҳтәыла ауааԥсыра гәыӷуеит маҷк аус рызуп ҳәа.
Ԥхынгәы 21 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аартразы аԥкырақәа рыҿҳәара ԥхынгәы 28-нӡа днахеит.