АҞӘА, ԥхынгәы 21 – Sputnik. Жәларбжьаратәи ашахматасыҩ имш Аԥсны турнирла иазгәарҭеит Карпов ихьӡ зху Аҟәатәи ашахматтә школ аҿы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ашахмат азы Аԥсны афедерациа ахада Константин Ҭыжәба.
"Ҳара есышықәса ари аныҳәа атурнирқәа рыла иазгәаҳҭоит, ахәыҷқәа алаҳархәуеит. Сынтәа атурнир амҩаԥгара рҽаладырхәит Россотрудничество аусзуҩцәа. Дара ахәыҷқәа рзы аԥхьахәқәа аархәеит", - иҳәоит иара.
Ашахматтә турнир рҽаладырхәит 16-ҩык ашахматасыҩцәа. 64-каҭа змоу ахәмарраҿ актәи аҭыԥ игеит Даур Зыхәба, аҩбатәи –Тристан Кәарацхьелиа, ахԥатәи – Борис Наҟәаԥиа.
Ашколхәыҷқәа рыбжьара далкаахеит абжьаратә школ №10 аҵаҩы Даниил Ҳалбад, аветеранцәа рыбжьара – ААУ адоцент Енвер Хазириши.
Аиааира згаз зегьы иранашьан аԥхьахәқәа. Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра атурнир аҿы иаиааиз иранаршьеит аурыс литература аклассикцәа рырҿиамҭақәа.
Иара убас шәаԥхьар шәылшоит:
- Аԥснытәи ашахматасыҩ қәыԥш ахԥатәи аҭыԥ игеит Петербургтәи атурнир аҿы