Аԥснытәи ашахматасыҩ қәыԥш ахԥатәи аҭыԥ игеит Петербургтәи атурнир аҿы

© Sputnik / Акоп КущянТристан Кварацхелия
Тристан Кварацхелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа спортсмен Тристан Кәарцхьиа дызлахәыз ашахматтә турнир "Петербургтәи аԥхын" мҩаԥысуан Санкт-Петербург нанҳәа 14-22 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 23 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥснытәи ашахматасыҩ қәыԥш Тристан Кәарцхьиа ахԥатәи аҭыԥ игеит Санкт-Петербург имҩаԥысуаз ашахматтә турнир "Петербургтәи аԥхын", абри атәы еиҭеиҳәеит аспортсмен иазыҟаҵаҩ, FIDE (Жәларбжьаратәи ашахматтә федерациа - азгә.) аинструктор Оҭар Хәырхәмал.

"Ахәыҷқәа рыбжьара Урыстәыла Ахраҿа аетапқәа ируакын. Зынӡа иара жә-партиак рҟны дыхәмарит, урҭ рахьтә хәба рҿы аиааира игеит, хԥа еиҭахарыла ихиркәшеит, акаҿы даҵахеит. Апартиақәа рыцыԥхьаӡа хԥа-хԥа сааҭ ицон. Аицлабра цәгьан, ахәмарыҩцәа ӷәӷәан. 9-очкок рҟынтәи иара ирҳәаит 6,5 очко. Азеиԥш лҵшәала атурнир аҿы иара ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит", – иҳәеит Хәырхәмал.

Азыҟаҵаҩ иажәақәа рыла, Тристан иоуз алҵшәа деигәырӷьоит, иаԥхьаҟа Анапеи Иалтеи атурнирқәа дрылахәхарц игәы иҭоуп.

"Афинансқәа шыҟало еиԥш ауп, аԥара ҟалар, цәыббрамза алагамҭазы Анапаҟа ҳцарц ҳгәы иҭоуп, анҵәамҭазы - Иалта. Урҭ Урыстәыла Ахраҿа аетапқәа роуп. Урҭ анхыркәшахалак 10-ҩык Урыстәыла Ахраҿа афинал ахь ицоит, уи мҩаԥысраны иҟоуп Москва, 2020 шықәса ажьырныҳәамзазы. Тристан иахьатәи аамҭазы аҟыбаҩ шиому ааирԥшхьеит", - иҳәеит аспортсмен иазыҟаҵаҩ.

Ашахматтә турнир "Петербургтәи аԥхын" иалахәын Аԥсны, Псковтәи аобласт, Ханты-Мансииск, Санкт-Петербург, Архангельсктәи аобласт, Москва, Краснодартәи атәылаҿацә рҟынтәи аспортсменцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0