Аспортсменцәа разыҟаҵарҭа: Ешыратәи Аолимпиатә база иаци иахьеи

1980 шықәса ԥхынгәымзазы имҩаԥысыз аԥхынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа сынтәа 40 шықәса рхыҵуеит. Аспорттә хҭыс ду Аолимпиатә еиҿкаара аҭоурых аҿы иналукаауа иаанхеит.
Sputnik

Аолимпиада-80 иалахәын иналукааша асовет спортсменцәа. Урҭ реиҳараҩык аҽазыҟаҵара иахысуан Аԥсны – Алада Ешыра иҟаз СССР Аолимпиатә база хадаҿы.

Аолимпиада иалахәхараны иҟаз аспортсменцәа шазыҟарҵоз атәы далацәажәоит Sputnik аинтервиу азҭаз Алада Ешыра иҟаз СССР Аолимпиатә база хада аспорттә ргыларақәа реиҳабы Анатоли Ашәба.

Sputnik

Астартқәа разыҟаҵара

Асовет аамҭазы Аԥсны ирацәан ашьапылампыл, анапылампыл, амҵәышәмпыл, аԥқьаҭасра, агимнастика уҳәа рзы СССР акомандақәа рҽахьазыҟарҵоз аспортбазақәа. Ара аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон Аолимпиадақәеи, Адунеии, Европеи рчемпионатқәеи рыламҭалаз.

Ачемпион изы "араӡны": Аԥснытәи аспортсмен Аолимпиада-80 аҿы аҩбатәи аҭыԥ шигаз

Урҭ инарылукаауа иҟан Алада Ешыра иҟаз СССР Аолимпиатә база хада. Иара аргылараз аӡбра рыдкылан хынҩажәатәи ашықәсқәа рзы. Усҟан ари аҭыԥ аҿы аеродром ыҟан. Уи нас Бабышьараҟа ииаргеит, ара, 64 гектар иахьрыҵаркуаз аолимпиатә ргылара нап алакын.

Анатоли Ашәба 1972 – 1992 шықәсқәа рзы Алада Ешыра иҟаз СССР Аолимпиатә база хада аспорттә ргыларақәа реиҳабыс дыҟан. Иара еиҭеиҳәоит аспорттә комплекс аҿы 40 спортхкы рхаҭарнакцәа аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥыргоз.

"1972-шықәса рзы аусура салагеит. Иреиӷьыз абазақәа ирхыԥхьаӡалан. Арахь иаҳзаауан Аолимпиатә командақәа – атлетика ласы, асахьаркыратә гимнастика уҳәа реиԥш иҟаз аспорт хкқәа рхаҭарнакцәа", - иҳәоит Ашәба.

Иара убасгьы ара имҩаԥысуан еиуеиԥшым аиндаҭларақәагьы. 80-тәи ашықәсқәа раан акорпус хада аконференц-зал аҿы имҩаԥыргон Хуан Антонио Самаранча ихантәаҩрала Жәларбжьаратәи Аолимпиатә еилакы аилатәарақәа.

Ешыратәи абазаҿ иҟан еицырдыруа аспортсменцәа: Валери Харламов, Олег Блохин, Татиана Тарасова, Иван Иарыгин, Александр Белов, Сергеи Бубка. Аброуп аҽазыҟаҵарақәа ахьымҩаԥыргоз 1988 шықәса рзы Сеултәи Аолимпиадаҿ аиааира згаз СССР ашьапылампыл азы акоманда.

"Абас есааира иҿион. Ара иҟан ашьапылампылтә дәқәа хәба, агимнастикатә зал, анапылампылтә, амҵәышәмпылтә залқәа. 63 гектар рыҵаркуан аспорттә хыбрақәа", - иҳәоит Ашәба.

Иара иажәақәа рыла, аамҭакала Аолимпиатә базаҿ рҽазыҟарҵар рылшон х-нызқьҩык рҟынӡа.

Аспортсменцәа разыҟаҵарҭа: Ешыратәи Аолимпиатә база иаци иахьеи

"Аспортсменцәа рзы аҭагылазаашьа бзиаӡақәа аԥҵан. Аԥсабара ахаҭагьы цхырааҩын - аҳауа зҩыда, амшын, амра", - иҳәоит иара.

Ашәба иазгәеиҭоит аспортсменцәа ара оумашәа ргәы ишахәоз.

"Иаӡәымкәа ирҳәон абри абазаҿы аҽазыҟаҵарақәа ргәы ишақәшәоз", - ҳәа игәалаиршәоит Ашәба.

Аспорттә инвентарь абаза СССР аамҭақәа рзы ԥкырада иаиуан, аха 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьраан зегь блит.

Аспортсменцәа разыҟаҵарҭа: Ешыратәи Аолимпиатә база иаци иахьеи

Аолимпиада-80

Ешыратәи абазаҿ зҽазыҟазҵоз аспортсменцәа иреиуан аԥснытәиқәагьы - Саида Гәынԥҳа, Москватәи Аолимпиадаҟны аҵәы аршәразы араӡны медал занашьахаз, Владимир Дорохов, Олимпиада-80 аҿы СССР анапылампыласыҩцәа ркоманда иалахәны ахьтәы медал згаз, Виктор Санеев – хынтәтәи аолимпиатә чемпион, Олимпиада-80 аҟны араӡны медал занашьахаз.

Аспортсменцәа разыҟаҵарҭа: Ешыратәи Аолимпиатә база иаци иахьеи

Анатоли Ашәба иҳәоит ихаҭа Аолимпиадаҿ дшыҟамызгьы асовет уаа зегьы реиԥш уи дшазҿлымҳаз, агәахәара шинаҭоз Аԥснытәиқәа риааира.

Игәалаиршәоит усҟантәи аамҭақәа рзы аусура шеиҿкааз.

"Хышәҩык инарзынаԥшуа аус руан. Аҵакыра дуӡӡан. Асубботникқәа еиҿаҳкаауан. Аспортсменцәагьы ҳавагылан аус аныруаз ыҟан", - иҳәоит иара.

Ешыратәи Аолимпиатә спорттә база аҟазаара ҿахҵәеит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи аибашьраан, аиҳарак шьаҭанкыла еилаԥыххаан.

"Абаза анапхгаҩыс дыҟан зеиԥш ауаҩы дмаҷыз – Рафаель Вартан-иԥа Аршба. Аибашьра ашьҭахь иареи сареи ҳҩызак дҳаваргылан изуаз аиҭашьақәыргылара нап алаҳкит", - иҳәоит иара.

Ирыцқьан ашьапылампыл дәқәа ҩба, анапылампыли амҵәышәмпыли азалқәа.

Ҳашыг еиҭеиҳәеит аԥсшәа иабзоураны Аолимпиада-80 аицлабрақәа руак Москва ишибаз

"Ҽнак зны адиректор дахьнеиз аимҵәара ишаҿыз ибеит. Аҽԥныҳәа анриҭа иқәлеит, ишьклахысит. Иаанхаз ықәганы аҳәаанырцәҟа иҭин", - ҳәа еиҭеиҳәоит Ашәба.

Аолимпиатә база аиҭашьақәыргылара алшар ҟалоит ҳәа агәыӷрақәа ыҟан 2000-тәи ашықәсқәа раан.

"Сергеи Багаԥшь ихаан Москва ахада Иури Лужков. Дааны дыҟан. Абаза иаҭааит. Лужков иҳәеит ажәытә корпусқәа ықәганы ҩышықәса рыҩныҵҟа акорпус ҿыцқәа ҳаргылоит ҳәа, Шәачатәи Аолимпиада рҽаздырхион. Иахәҭаз ашәҟәқәа рнапы рыҵарҩит, аха аамҭақәак рыла иара иусура дамхын. Аиҭашьақәыргылара иалагазар, хымԥада иацҵахон", - иҳәоит Ашәба.

Иҟоуп ацәажәарақәа абаза аҭыԥ аҿы Амедицинатә центр ҟалоит ҳәа, аха макьаназы ацәажәара иахымсыцт.

Аспортсменцәа разыҟаҵарҭа: Ешыратәи Аолимпиатә база иаци иахьеи