Рашәара 23 рзы адунеи аҟны Жәларбжьаратәи Аолимпиатә мшы азгәарҭоит Аолимпиатә хеилак ақәҵарала.
"Лужники имҩаԥысуан ашьапылампылтә хәмаррақәа рзы аицлабрақәа. Ҳара ҳагханы ҳнеит. Астадион аҩналарҭаҟны игылаз амилициа аусзуҩцәа ахәмарра иалагахьеит, аиҭанеиааира аанкылоуп рҳәеит. Ҳаԥхьа игылаз ауаа шнеиуаз ҳбон. Ҳаргьы ҳнарышьҭыртә иҟаҳҵарызеи ҳәа ҳнарыдгылан, аԥсышәала рацәажәара ҳалагеит. Шәазусҭада ҳәа ианҳазҵаа, ҳара еиҭах аԥсышәала аҭак ҟаҳҵеит. Дара ус еибырҳәеит аҳәаанырцәынтә иааз туристцәоуп, инаҳмышьҭыр, ҭыӡшәак алҵуеит рҳәан, ашәқәа аартны ҳаҩнарҵеит. Ҳаԥсшәа ҳахәеит, избанзар аҳәаанырцәтәи атуристцәа иаҳа азҿлымҳара рыман, хымԥада", - иҳәеит Ҳашыг.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.