"Ех, аф зысша, хынҩажәа,
Уаршлаӡаргьы, уаҳа егьамчым!"
Баграт Шьынқәба
- Даур, уареи сареи абиԥарак ҳатәуп, уара сара саԥхьа 60 шықәса ухыҵит! Алитератураҿы ҳаиццәырҵит… Амала, уара прозала, сара поезиала. Ус сҳәеит ҳәа, саргьы нас сышнеиуаз апрозахь исыхо салагеит, иҟалап уаргьы ус узнауазар апоезиа, аха макьана ицәыругаӡом!.. Уи нас иҵегь ҳалацәажәап, уажәы ҳаиасып уара алитературахь уиасра шыҟалаз аилкаарахь. Уара уфизикын, уи иадҳәалоу ауниверситет уалгеит, нас алитературахь ухьазырԥши?
- Сгәанала, апоезиа еснагь аԥхьагылара амоуп. Ажәеинраала еилацаланы иаҳәо, ишьҭнахуа аидара ажәабжь, ма ароман шамахамзар ирзышьҭыхуам. Ажәеинраала аилкаарагьы иаҳа иуадаҩуп, избанзар "ацәа иҭанагӡо" шьарда ирацәоуп, иҵаулоуп, иҭбаауп. Ажәеи ажәеи еихҳәаало, ҳара ҳҿы усҟак ирацәаҩым апоезиа еилызкаауа, ҳаҭыр ақәызҵо, аԥсҭазааратә ӡышара ианықәнаклак, цыхаӡык еиԥш "иаҿыхәо". Ҽакала иҟазҭгьы, иахьа, иаҳҳәап, ҳпоет ду Баграт Шьынқәба ҳкультураҿы иааникыло аҭыԥ ҷыда иаҳагьы иӡыргахон, иаҳагьы иубарҭахон. Аҵара, адырра, агьама — ирацәоуп уи азыҳәан иаҭаху, дааӡатәуп зкультуратә ҩаӡара ҳараку аԥхьаҩ.
Иахьа ҳбызшәа ауадаҩра иҭагылоуп, еиқәырхатәуп, ҳхы еиқәҳархар ҳҭахызар, ари аус аҿы ашәҟәы иалшо шьарда ирацәоуп. Ашәҟәоуп ауаҩы дуаҩны дҟазҵаз. Зсахьаҩыра, зышәҟәы, ус анакәха – збызшәа ишрыхәҭоу пату рықәзымҵо ажәлар ԥеиԥш рымаӡам, хара имгакәа ииаӡаауеит, гәырӡ-шашәаӡ егьырҭ ажәларқәа ирылаӡуеит. Ҳара уи цқьа еилкааны иҳамамшәа збоит – сара сызҿу иааизакны ҳмилаҭтә хдырра ауп.
Ахьӡ азоуп ахаҵа дзиуа. Аибашьраан ҳажәлар ргәымшәарала, рфырхаҵарала ахьӡ-аԥша дырҳаит, уи иацҵатәуп. Жәларык раҳасабала акгьы ҳаанамго ҳаныҟало убасҟан ауп амал-ашьал, амазара ԥыжәара рыҭаны, ҳара ҳтәыҵәҟьа, ҳара ҳажәларны ҳҟазҵо ҳдацқәа гәыгәҭаҳажьыр. Абри амҩала ҳдәықәлар, ҳашнеишнеиуа ҳажәлар ауааԥсыра рахь ииасыр алшоит, ахыԥхьаӡара заҵәык аанхоит, ауааԥсыра жәларны иҟазҵо "амыругақәа" бжьаӡуеит.
Сара ахаан жәеинраалак сымҩыцт, Анцәа ибзоураны, асеиԥш "агәнаҳа" сымпыҵымҟьацт. Апоезиеи апрозеи акыр еиҩыргоит, азныказы еизааигәоушәа убар шалшогьы — ианамуӡах, рыҩбагьы ажәала иҩуп. Урҭ хаз-хазы иҷыдоу аҟыбаҩқәа рҭахуп. Уи ус шакәу арҵабыргуеит зпоезиеи зпрозеи еиҟароу — ианеиҟароу, шамаха, рыҩбагьы аныԥсыҽу ауп — ашәҟәыҩҩцәа адунеитә литература иахьазымдыруа.
Аҩрахьы сшиасыз атәы ҳҳәозар, ҽнак афизика сара ишыстәым еилыскааит (ма иара сшатәым еилнакааит. Ишакәхалакгьы, вба ҳаибамҭо ҳаиԥырҵит). Аха уи еилыскаанӡагьы аҩрахьы сгәы сыхо иалагахьан. Уи аӡәгьы издырӡом, башагьы ихы имжьааит — ашәҟәыҩҩы дышәҟәыҩҩны дҟазҵо. Иҟалап, адунеи шубо, ишуныруа, ишудукыло рҟынтәи иаауазар, раԥхьаӡа уи иқәнагалаз уара уакәушәа: аԥсҭазаара сара ишысныруа аӡәгьы инырӡом, абасҟак шәҟәы шҩугьы, сара стәы акгьы иазымҳәацт. Абри ахшыҩҵак иацаҳҵар, ашәҟәыҩҩы дышәҟәыҩҩны дҟазҵо ашәҟәоуп. Аха аԥхьа игылоуп ани ҳазҿыз "ацԥхь" – ацәанырра ҷыда.
Даҽакалагьы исҳәар сҭахуп. Уаныҩуа иаҳа уԥсы ҭоушәа, иаҳа уҵабыргушәа, аԥсрагьы рацәак уаҵанамкуашәа ухы убоит (ма угәы уажьоит).
- Даур, иахьа алитератураҿы даара иԥсыҽны аҿиара змоу ажанрқәа иреиуоуп адраматургиеи акритикеи. Адраматургиа ада ԥсыхәа ыҟаӡам атеатр азы, мамзаргьы уи аҿиара аиуаанӡа, ажәабжьқәа, аповестқәа, ароманқәа рысценари ҩны, атеатртә ԥсҭазаара рыҭалатәуп. Уи аганахьала, ҳашәҟәыҩҩцәеи ҳрежиссорцәеи реимадара даара иԥсыҽуп. Арахь, ҳлитература уагәылаԥшуазар, имаҷӡам ухы иаурхәаша аматериал. Иҟалеи нас, атеатр ахь ҳназго ацҳа зыӷәӷәамзеи?!
- Изыхҟьо иахьатәи аԥсуа драматургиа аԥсыҽра ауп. Апиеса зыҩуа ҳамаӡам, уи иҷыдоу аҟыбаҩ аҭахуп. Апроза бзиа апиеса ма адрама бзиа алымҵыр алшоит. Сгәанала, апроза бзиа асценаҟынтәи, ма аекран аҟынтәи ицәажәо аҟаҵара даара иуадаҩуп, ианамуӡогьы еиҳауп. Убри аҟынтә ҳрежиссиорцәа аҽԥныҳәа ираҳҭо шамаха иҵаҵӷәыдоуп, урҭ акгьы рхараӡам. Иабанӡаиашоу, аԥсуа литература аҩымҭа шьахәқәа амоуп, асценахь ииажәга ҳәа рыдҵара? Урҭ рус даҽакуп. Раԥхьа иргыланы, дара режиссиорцәоуп, адраматург иаша иҩымҭа рнапаҿы ироур еиӷьаршьоит, русгьы иахәоит. Иҟаҵатәуи? Аконкурс еиҿкаатәуп, иахьатәи ҳаамҭа зныԥшуа апиеса аҩразы. Уи акырынтә ҳалагақәахьеит, аха, изыхҟьазаалакгьы, лыҵшәа дук аиуны изыҟамлеит. Иагьа ус иҟазаргьы, ҩаԥхьа еиҿкаатәуп усеиԥш аконкурс. Еилкаауп - амилаҭтә театр раԥхьа иргыланы амилаҭтә драматургиа ала ишьақәгылазароуп.
- Хыхьтәи сызҵаараҿы ҩ-хәҭакны, ҩ-зҵааракны еилоуп. Акритика ҳлитератураҿы даара иԥсыҽхеит, иахьа хылаҵәҟьа уи иаҿу аӡәзаҵәык Руслан Қапба иоуп. Аха ҵәҩанк ала аанда узышышуама?! Дара ҳашәҟәыҩҩцәагьы аӡәы шықәсык ахь знык критикатә статиак иҩыр ҟамлои?! Арахь, ҳлитератураҿы изыхцәажәамкәа иҟоу убриаҟара ашәҟәқәа рацәаны иаанхеит, угәы даарыцҳанашьап аԥхьаҩ, уажәраанӡа ицаҳәцаҳәо иҟаз акритикатә статиақәа ирышьцылаз, уажәы "адәышкәаӷьаз" дықәхеит, цхыраара имаӡамкәа, иара ихала еилиргалар акәхеит ашәҟәқәа...
- Ииашоуп, иахьазы акритика ҳамаӡам. Иаагозар, апоезиа. Иазыҟаҵам аԥхьаҩ шамаха игәыԥҵәагоу ҽхырцәажәарак еиԥш дахәаԥшуеит. Иазыҟаҵам ҳәа сызҿу, ажәеинраалаҿы "ацәаныррақәа" мацара ирышьҭоу, избо, изаҳауа иоуп. Аха ҳаамҭазтәи апоезиа аилкааразы адырра ӷәӷәа аҭахуп, ҷыдалатәи адунеихәаԥшышьагьы, избанзар алитература аҿиара убас ицоит, апоетцәа апоетцәа мацара рзыҳәан ирыҩуашәа – урҭ шеилибакаауа аӡәгьы зеилибакаауам. Ари аус аҿы абжьаратәи аԥхьаҩ, апоезиахь игәы ихозар, ацхырааҩ диҭахуп. Ус дҟалароуп акритик. Аха, рыцҳарас иҟалаз, акритикцәа ҳәа ҳазҿугьы ирацәоуп апоетцәа "ианырхьымӡо" – рдырра, ргьама, разыҟаҵара азхом. Уи бзианы иубоит ҳара ҳлитератураҿгьы – иреиӷьу ҳпоетцәа ирыцназго акритикатә усумҭақәа маҷӡоуп, ҳпоезиа абеиара аҟынӡа аӡәгьы дзымҩаӡац.
Егьа ус иҟазаргьы, аԥхьаҩ дымҩақәызҵо, ацәгьеи абзиеи реилыргараҿы ицхраауа, игьама шьақәзыргыло, ашәҟәыҩҩцәа зырцыхцыхуа ауаҩы даҭахуп, хымԥада, раԥхьаӡа акәынгьы уи акритик иоуп изуалу, изылшо. Акритик аԥхьаҩи аҩымҭеи цҳаны дрыбжьоуп, акритик бзиа ашәҟәыҩҩы бзиа диваҟәыло дыҟоуп. Иахьынӡаздыруа, ҳуниверситет аҿы, ирацәамзаргьы, имаҷҩым алитературҭҵаара знапы алаку аҿар, акьыԥхь аҿгьы ицәырҵхьеит. Агьама бзиа, адырра, иҵауланы ахәыцра аалырԥшуеит Дифа Габниа, ақәҿиарақәа лзеиӷьашьатәуп. Иара убас Алина Жьиԥҳа. Иҵегь зыхьӡқәа уҳәаша ҳамоуп, уи цәгьам, иахьеиԥш аусқәа царым ҳәа агәыӷра уздырҵысуеит.
Алитературҭҵаара, акритика, ашәҟәыҩҩра еиԥш, интеллектуалтә усуп, шамахагьы аӡәгьы дыхнамыртәалацт, аха абри аус зҽазызкуа ауаа ҟамлар, акультура аганқәа зегьы ирныԥшуеит, ажәлар рдоуҳа хьысҳахоит. Ҳлитература ишақәнагоу, ишахәҭоу алацәажәара, ахцәажәара аҭахуп, уи адагьы ԥсыхәа ыҟаӡам.
- Даур, иаахҵәаны иаҳҳәап, сара сгәаанагарала, ҳџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, ҳажәлар иҵегь аԥсҭазаара бзиа роур ахәҭан… Иахьа уацәыԥхашьан, уҿы иҭагӡаны рыӡбахә узымҳәо иҟоуп ҳуалафахәқәа. Арахь, цқьа унаԥшы-ааԥшыр, иаабауеи, иҳаҳауеи, иҳауеи еиқәшәаӡом, хәыки шьхаки рыбжьоуп!.. Изааӡари, аҳәынҭқар имал закәанда еимызҵәаз рацәаҩуп, аханчаԥақәа дыргылеит, ухылԥа ухшәап урыҵаԥшыр! Изықәтәақәоу "ррашьқәа" ртәы ҳҳәарым, рыԥсқәа мҭәит, рмаҭацәа, урҭ рмаҭацәа, имииц рҟынӡа рыхәҭаақәа нрыжьхьеит... Ирыцҳаӡами, забацәа ҳаибашьраҿы иҭахаз, иахьа қьырала ауадақәа ирыҩноу аҿар?.. Мамзаргьы, Аҟәа зшьапы алазыргыларц зҭаху, аҭаацәара ҿыц иалалаз, мамзаргьы зхы ақәҵан зус ҟазҵо, аха зуалафахәы иныҟәнамго?.. Урҭ маҷҩызҭгьы, ԥсыхәак рзыҟауҵарын, аха ирацәаҩуп…
- Ҳажәлар убасҟак рхыргахьеит, абзиарақәа ҳәа ирықәнамго егьыҟам. Аха, ишдыру еиԥш, акгьы мазеины иуоуӡом ари адунеи аҿы, уи уазықәԥароуп, џьабаала, ԥхӡашала иааугароуп. Аибашьра ашьҭахь ҳара маҷк ҳшьақәҟьеит, убри ҳашьақәҟьара иахьанӡа иацло иаауеит ада, иагымхеит. Ҳаԥсҭазаара иахьынӡалшо аиаша иазааигәаны иаҳзышьақәмыргылеит, хи-ԥси уаха-сахеи еиҳахеит, ҳхаҿы, ҳгәаҿы аҳра ааныркылт. Ҳхы ҳазымиааит — уи аиҳабырагьы, уи аиҵбырагьы. Ҳауадаҩрақәа рыбжеиҳара уи ауп изыхҟьо. Ҳхы ҳзаиааир, ҳусқәагьы иаҳа иманшәалахоит.
- Иахьа адунеи зегьы аҿы ачымазара ҿкы аҽарцәгьара иаҿуп. Ишубо, акыр иҳаиҷаҳазаргьы, ҳара ҳҟынӡагьы иааӡеит. Аԥсны ҿыц иахагылаз аиҳабырагьы даара ирцәыуадаҩхашт уи зегьы аиааира, аекономика ашьақәыргылара, атуризм зынӡа аус анамуа аамҭазы, аԥара аазго ахашәалахәқәа зынӡа ианмаҷу… Аха абри ашықәс ҳзыхгар, ҳашәхымс иааины илагылоу апылҳаҭ ҳзалҵыр, хымԥада ҳажәлар аамҭа бзиак рызкашәашт. Уанӡа ачҳареи, агәкамыжьреи, аҳәоуеиқәшәареи, аусуреи аҭахуп. Ирзеиӷьаушьои ҳаиҳабыра ҿыц, ушԥарыхәаԥшуеи раԥхьатәи ршьаҿақәа?! Сара сгәы иаанагоит, урҭ ҳажәлар рҿаԥхьа ишьҭоу ауадаҩрақәа зегьы ҳрылыргоит ҳәа.
- Ҳазегьы уи ауп иаҳҭаху. Аԥсуаа адунеи рықәзаара еснагь иуашәшәыран, адрама ду аҵан, аха иахьатәи ҳҭагылазаашьа иаҳагьы адрама аҵоушәа збоит, избанзар адунеи есааира аҽаԥсахуеит, аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы акыр аҽарласит, уаҵәтәи амш иаҳҿанагало ҳаздырӡом, иааҳакәыршаны ашәарҭарақәа рацәахеит, урҭ "рабџьар" цәҟьарак еиԥш иҳақәкуп.
Ҳәарада, агәкажьра аҭахым, уи егьҳнаҭом, ари ԥсҭазаароуп, ацәгьеи абзиеи рышьхәа еивҵоуп, аха агәаӷь — уи ҳажәлар ахаангьы ирыгмызт — инаваргыланы агәҽанызаарагьы аҭахуп, иаҭахуп ачҳара, ахәыцра, ахшыҩ. Ҳхатә ҳәынҭқарра ҳамоуп, уи ԥсҿыхгоуп ҳара ҳзыҳәан, ҳгәыӷрақәа зегьы ирыцкуп. Аглобализм ҳәа изышьҭоу адунеи иахыҵәаны, ажәларқәа еилысны бызшәак мацарала ицәажәо иҟалар, усҟан иуасҳәои. Аха уи аныҟало, иҟалогьы сеидру, иҟалараны иҟаӡазаргьы, уаанӡа ҳхаҿра ҳмырӡроуп.
- Даур, даара иҭабуп ҳәа уасҳәоит ҳаицәажәаразы, сара агәра згоит ҳаԥхьаҩцәагьы агәахәара ду шырнаҭо, уара уеиԥш иҟоу, иахьатәи аамҭазы инарҭбааны аҵара бзиа змоу, абаҩхатәра ҷыда злоу, аԥхьаҩцәа рацәаҩны измоу, заудиториа акыр иҭбаау, наҟ-наҟгьы раԥхьа ишьҭукааз унарха ишацуҵо, уаԥхьаҩцәа акырӡа иургәырӷьараны ишыҟоу. Уи еиҳау ашәҟәыҩҩы изы насыԥ ыҟаӡам!
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Наҷҟьебиа: Аԥсны ҳлитературала адунеи иалаурҵәар улшоит
Лагәлаа: амуза анааиуа, абаҩхатәра злоу аҩра дамартәар ауӡом
"Уа бзиала шәаабеит!" – Лиудмила Гәымԥҳа лысценатә ԥсҭазаареи лыгәҭыхақәеи