"Уа бзиала шәаабеит!" – Лиудмила Гәымԥҳа лысценатә ԥсҭазаареи лыгәҭыхақәеи

© Sputnik Людмила Гумба
Людмила Гумба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" иацаҳҵоит ашәаҳәаҩ, Аԥсны Жәлар рартистка Лиудмила Гәымԥҳа лыҿцәажәарала. Ашәаҳәаҩ ҿыц блала даҳирбеит апроект автор, ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа.

– Лиудмила, бара раԥхьаӡа асцена банаақәыхх инаркны, иаразнак беицгәарҭеит, быхьӡ шьҭырхит! Усҟан, ахынҩажәижәабатәи ашықәсқәа рзы, ажәларгьы аестрадатә ашәақәа даара игәхьааган иҟан, бара бызлахәыз ансамбль "Аԥсны – 67" рашәақәа, ашьха ҳауацқьа еиԥш, илбаардон...

– Сара 1971 шықәсазы Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогигатә институт аԥсуа бызшәеи, алитературеи, атәым бызшәеи рфакультет сҭалеит. Афакультет аҿы еиҿкаан ансамбль, Нодар Саӷариа наԥхгара зиҭоз. Аудиториаҿы апианино гылан, аԥсшьара аамҭаз зны-зынла аӡӷабцәа ашәа ҳҳәон. Сыбжьы иаҳан, ансамбль ахь снеиԥхьеит. Убри ашьҭахь аинституттә ансамбль ахь сигеит напхгара азҭоз Рафаель Митичиан. 1972 шықәсазы "Аԥсны – 67" саларҵеит. Уи еиҿкаан, иара ахьӡ излаҳәо ала, 1967 шықәсазы ахәҳахәҭра азанааҭеидгыла акультуратә хан аҟны, уи адиректор Аԥсны жәлар рартист, акәашаҩ, ахореограф Шамил Аҩардан ибзоурала. Ансамбль раԥхьатәи сахьаркыратә напхгаҩыс дыҟан Иури Гьериа, музыкатә напхгаҩыс – Роберт Митичиан.

Аконцерт Ашәа еицаҳҳәап азкын еицырдыруа агәыԥ Аԥсны 67 50-шықәса ахыҵра - Sputnik Аҧсны
"Ашәа еицаҳҳәап": "Аԥсны 67" ашәақәа

1968 шықәсазы аколлектив ааԥхьара роуит ГДР: ашәаҳәаҩ, Аԥсны жәлар рартист Ардашьыл Аҩӡба, аҭыԥҳацәа рквартет – Лиудмила Сангәлиа, Џьулетта Ҷоҷуа, Светлана Дбар, Џьулетта Баносиан. Акәашаратә гәыԥгьы рыцын, қәҿиарала иқәгылеит.

Исымҳәар анцәагьы исџьишьом, Митичианаа аишьцәа рлагала аԥсуа естрадаҿы даара кыр шаҵанакуаз, урҭ рџьабаа ахә ашьара цәгьоуп. Роберт, Рафаель, Александр, Альберт – апрофессионалцәа, зыԥсҭазаара аԥсуа культура иақәызҵаз. Рафаели Александри шықәсқәак раԥхьа рыԥсҭазаара иалҵит.

– Ҳаицәажәара "Уа бзиала шәаабеит!.." ҳәа хыс изасҭаз, уи бара инабыгӡо башәа, Аԥсны чарацыԥхьаӡа ргәырӷьара агәашәқәа аҷараҳәа излаадыртуа хьтәы цаԥхоуп азоуп. Ишԥаҟалеи ари ашәа аишьа, насгьы ажәақәа зтәыда?

– Ашәа "Уа бзиала шәаабеит" ажәақәа иҩит Аркади Кархалаа, амузыка — Заур Ԥлиа. Раԥхьаӡа ашәа саҳаит аибашьра ҟалаанӡа, иара амузыка автор инагӡарала, нас хҩык ашколхәыҷқәа ишырҳәоз даара исгәаԥхеит, исҳәар сҭаххеит, Заургьы мап сцәимкӡеит. Азыӡырҩцәа даара иргәаԥхоит.

– Лиудмила, ажәлар бзиа еицырбо ашәаҳәаҩ – дара ргәахьы уназго амҩа зыԥшааз иоуп. Бара башәа ссир, амҳаџьырқәа ирызку, "Сашьцәа, сашьцәа, зтәыла зшьала изкәабаз…" сара акырынтә избахьеит бара ианынабыгӡо, ҳфилармониа аҿы, ҳастадион дуқәа рҿы ршьапқәа ирықәгыланы, рылабжышқәа рҿаҳәҳәы ауаа рнапқәа шыбзеинырҟьо... Ахаан исхашҭуам, шықәсқәак раԥхьа, Аԥсны Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь хадара ззиуаз аҳәынҭқарратә делегациа ҳацны Ҭырқәтәыла ҳаннеи адырҩаҽны уаала иҭәыз зал дуӡӡак аҿы, башәа амузыка анаацәырырга, итәаз зегьы адруҳәа иҩагылан ишеицырҳәаз! Ари еиҳау насыԥ ыҟамзар ҟалап ашәаҳәаҩ изы...

– 1989 шықәсазы Асҭамыр Ҷкотуа, усҟантәи ансамбль "Аԥсны – 67" амузыкатә наԥхгаҩы, апоет Рушьбеи Смыр иажәеинраалақәа реизгаҿы иԥшааит амҳаџьырқәа ирызкыз ажәеинраала "Сашьцәа, зтәыла шьала изкәабаз". Иалихит ашәа. Ахкы наҳагӡон ԥсаҭа шкәакәа Рафаель Гагәылиеи сареи, нас агәыԥ зегьы иҳацырҳәон. Ажәлар даара ибзианы ирыдыркылеит. Аибашьраан ҳаҷкәынцәа ари ашәа анраҳауаз ԥхьаҟа еихон, иҭахаз рҩызцәа ршьа рурцаз.

Хымԥада, гәадуроуп са сзы ашәа зегьы бзиа иахьеицырбаз. Владислав Арӡынба ҩ-ашәак алкаан иман: "Сашьцәа", нас Заур Зыхәба инаигӡоз ашәа "Улаӷырӡқәа сӡамҩаҿы имбеит".

– Лиудмила, бара иреиӷьу башәақәа рзы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа банашьоуп. Уажәраанӡа ишымаӡазгьы, уажәы ибасҳәоит, саргьы уи аҳаҭыр ду зқәу апремиа бара банашьараз зыбжьы бызҭаз среиуоуп. Иаҳҳәап, абыржәы бара убри акомиссиа баланы абжьыҭира бықәшәазҭгьы, ҳашәаҳәаҩцәа, изыхәҭаны убри апремиа занарымшьац ҳәа бара зыӡбахә алыбкаауадаз, аӡәы иӡбахә ҳаҳә. Насгьы, иарбан ашәоу уи ирепертуар аҟынтәи бара реиҳа бзиа иббо?

Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны
... Сара исҭаху иара иаздыруам, иара иаҭаху сара исыздыруам – Алықьса Гогәуа

– 1986 шықәсазы Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист ҳәа аҳаҭыртә хьӡы сыхҵан. 2003 шықәсазы Владислав Арӡынба иқәҵарала исанашьан "Ахьӡ-аԥша" II аҩаӡара. 2011 шықәсазы Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иқәҵарала исыхҵан аҳаҭыр хьӡы Аԥсны жәлар рартист. Ҳәарада, арҭ ахԥагьы са сзы иреиӷьу ҳамҭақәоуп, аха ахаан сақәгәыӷуамызт Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа санашьахоит ҳәа. Уи ибзоуроуп Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа, иара иоуп иаԥшьызгаз, даара дахаҵгылеит ари аус. Даараӡа иҭабуп ҳәа иасҳәоит, иҭабуп ҳәа расҳәоит зыбжьы сызҭаз зегьы, Анатоли, уара уналаҵаны. Насыԥ сымоуп абас иҳаракны сҟазара пату ахьақәырҵаз.

Узҵаара аҭак ҟаҵо, акомиссиа саланы сыҟазар, хымԥада сыбжьы Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Заур Зыхәба исҭон. Иашәақәа зегь бзиа избоит, аха ирылыскаауа, хыхь ишысҳәаз еиԥш, Владислав Григори-иԥа бзиа иибоз ашәоуп – "Улаӷырӡқәа сӡамҩаҿы имбеит". Ажәақәа иҩит Владимир Ахьиба, амузыка – Заур Зыхәба.

Даҽа ашәакгьы даара бзиа избоит, Рушьбеи Смыри Заур Зыхәбеи еицанырҵаз "Сыдгьыл Сыԥсынтәыла".

Иҵегь алшара сыман сыҟазар, даҽа ҩыџьа ирысҭон сыбжьы – урҭ Аԥсны жәлар рартистцәа – актриса ду Виолетта Маани акәашаҩ шьахә Маиа Гьерзмааи.

– Лиудмила, бара бшәаҳәаҩ ссируп, быбжьы-хаа  Аԥсны зегьы иахыҵәахьеит. Иахьа иззымдыруа рацәаҩуп, убри инаҷыдангьы, бара бшырҵаҩ бзиоу, Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы англыз бызшәа бшаԥхьо. Ишԥаҟалеи уи, ашәаҳәареи, англыз бызшәазы арҵаҩреи злааиби, "ибцәымеисӡои"?!

– Ааи, 1981 шықәса инаркны Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҟны англыз бызшәа дсырҵоит. Сахьынӡарҵаҩ бзиоу сыздыруам, аха астудентцәеи сареи аилибакаара ҳамоуп, пату еиқәаҳҵоит, мчыбжьык ҩынтә 2-сааҭк роуп аус анызуа, сашәаҳәараҿы уи сԥырхагам. Аколлектив бзиоуп, ҳаиҳабы – аскульптор Амиран Адлеиба дызхагылоу ҭаацәак еиԥш ҳаҟоуп.

День Конституции Республики Абхазия - отметили 26 ноября в Сухуме на площади Свободы. - Sputnik Аҧсны
Лиудмила Гәымба: асцена сыԥсҭазаароуп

– Бара беиԥш зыхьӡи збаҩхатәреи ыҟоу ашәаҳәаҩцәа дуқәа аҿар ахьазыҟарҵо астудиақәа рымоуп, иаҳҳәап, аурыс шәаҳәаҩ бзиа Алла Пугачиова лхатә студиа лымоуп, абаҩхатәра змоу аҿар дрышьҭоуп, иазыҟалҵоит… Баргьы уи аҩыза базымхәыцыцкәа быҟам, бара быбзоурала "Лиудмила хәыҷқәа" ԥыр-ԥыруа, рыбжьы хааӡа асцена иқәлар, быжәлар еиҳагьы ҩынтәны бзиа бырбо иалагоит!..

– Даара узызхәыцша зҵаароуп. Иҭабуп Алла Пугачиова сахьлыдукылаз, аха лареи сареи гаки шьхаки ҳабжьоуп. Зегь раԥхьа иргыланы, уи лылшарақәа рацәоуп, амузыкатә ҵара ду лымоуп, лфинанстә ҭагылазаашьа уҳәа… Сара иҷыдоу аҵара сымам, схатә студиа аԥысҵаратәы, уи ҭакԥхықәроуп, аспециалистцәа аҭахуп. 48 шықәса инарзынаԥшуа ашәа сҳәоит, зегь реиҳа сызҿлымҳау абызшәа ацқьара, уаҩы еиликаауа ажәақәа еихышәшәа рҳәара ауп, убасҟан ауп амелодиагьы аныԥшӡахо. Исҭахуп ҳашәаҳәаҩцәа ҿарацәа убри еилыркаарц. Цхыраарак рҭахызар са сҟынтә, мап рцәыскӡом, издыруа рыҵасҳәоит. Сашәақәа рҳәар анырҭахугьы сақәшаҳаҭуп.

– Лиудмила, бара Анцәа илаԥш хаа зху шәаҳәаҩуп.  Ирҳәоит, уи знык абаҩхатәра злеиҵаз есымша дрыцуп, ҳәа. Ирҳәоит, урҭ ирҳәогьы даназыӡҩруа ыҟоуп ҳәа.  Иаҳҳәап, Анцәа даабҭаан, бара ишыбҭаху Аԥсны сацхраауеит, бҿаҳәатәы ҟалоит иҳәар, иабҳәооз?!

– Анатоли, сҳараукцәеит… Ҳажәлар, ҳаԥсадгьыл есымша Анцәа илаԥш хаа рхуп. Исҭахуп наунагӡа ҳадгьыл хәыҷ аҭынчра аманы, еибашьра ахаан иҟамло, ҳабызшәа, ҳаԥсуара, ҳҵас, ҳқьабз ҳмырӡуа, ҳаизҳауа, пату еиқәаҳҵо, ҳаидгыланы ԥхьаҟа ҳцарц.

– Лиудмила, Баграт ду, "...ажәа аныҟам, ашәа нҵәароуп!" – иҳәеит. Иахьа, ҳаиԥыларазы иҭабуп ҳәа баҳәо, аҵыхәтәантәи сызҵаара зызку, ҳаззыԥшу бара башәа ҿыцқәа роуп. Амшын ду иаҩызоуп ҳаԥсуа поезиа, уаҟа ицәқәырԥо иҭоуп бара "быхьтәы ԥсыӡқәа", башәақәа злыбхуа апоетцәа ржәеинраалақәа. Нас дарбан поету аҵыхәтәан зразҟы иакыз, "ахәыжәҵәы" зықәшәаз?

– Анатоли, сара насыԥ дуны исыԥхьаӡоит 1994 шықәсазы Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба напхгара зиҭоз аделегациа сацны Ҭырқәтәылаҟа сцара, Кавказтәи аибашьра анҵәара 140 шықәса ахыҵра иазкын уи. Ахаан исхашҭуам урҭ амшқәа. Баграт ду баша ирымҳәаӡеит, уи ддуӡӡаҵәҟьоуп! Убас еиқәшәеит, ҿыц исҳәарц исҭаху ашәа ҿыцӡам. Ажәақәа иҩит Баграт Уасил-иԥа, амузыка – Ражьден Гәымба, "Аԥшалас" ахьӡуп. Алагамҭаз Ражьден ибжьы гоит, убри ашьҭахь сара иацысҵаратәы абас сазхәыцуеит. Исықәҿиап сгәахәуеит...

Ажәабжьқәа зегьы
0