Х-ныҳәаки гәалашәаратә мшыки: гаграа иахырԥаз аусмҩаԥгатәқәа еицазгәарҭеит

Аҳәынҭқарратә бираҟ амш ныҳәа аҽны Гагра даҽа х-рыцхәкгьы азгәаҭан: апандемиа иахырҟьаны иахырԥаз Аԥсны Раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба 75 шықәса ихыҵреи, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны игаз Аиааира амши, Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара амши.
Sputnik

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ԥхынгәы 23 рзы, традициала ишаԥу еиԥш, Ԥсахара ақыҭа амҩа хада ахаҵәирҭаҟны ишьҭыхын Аҳәынҭқарратә бираҟ. Аофициалтә церемониа иалахәын аибашьра аветеранцәа, араион ахадара, ақыҭақәеи, аҳаблақәеи, Пицунда ақалақьи рхадацәа, адепутатцәа, амаҵурақәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа, ауаажәларра.

Х-ныҳәаки гәалашәаратә мшыки: гаграа иахырԥаз аусмҩаԥгатәқәа еицазгәарҭеит

 

Ари аҭыԥ баша иалхым, уи асимволтә ҵакы амоуп. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы абраҟа аԥсуа ган раԥхьатәи ацәыӡқәа руак аиуит, Гагра араион ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәылара хадагьы абрантәи ауп ишалагаз.

"Аԥсны аҳәынҭқарра абираҟ амш ҳауаажәлар рзы аҵак ду амазароуп. Ҽырбагас акәымкәа, шьала-дала иаҳныруазароуп ишьҭыхны ианаҳкуа иаҵоу адоуҳамч. Иахьа ажәҩан цқьа аҵаҟа ишәыршәыруа ҳбираҟ еснагь зхы иақәиҭу, ихьыԥшыму атәыла иасимволзааит", - иҳәеит аибашьра аветеран Рем Рубаев.

Х-ныҳәаки гәалашәаратә мшыки: гаграа иахырԥаз аусмҩаԥгатәқәа еицазгәарҭеит

 

Анаҩс еицыз зегьы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит Гагра, Аиааира ашҭаҟны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ибиуст аҿаԥхьа.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра ҳәа ҳазхыҽхәаауа атәыла ҟамларгьы ҟаларын Владислав Арӡынба убасҟан аԥсуа жәлар ԥызара рзыимузҭгьы. Ианаамҭаз иахьаҭыԥыз иҟазаара иалҵшәахеит ҳиааира, ҳхьыԥшымра. Сара иахьа анцәа сиҳәоит Владислав Дуӡӡа аӡәк иеиԥш ҳаидкыланы ҳашимаз еиԥшцәҟьа иахьагьы ҳҳәоу еиқәшәаны, аӡәи-аӡәи ҳаихӡыӡаауа, напеикәыршала ҳаизыҟазарц. Нас ауп зықьҩыла ҳҵеицәа ршьа зхьыршу ҳтәылагьы аншәҭыкакаҷуа", - ҳәа азгәалҭеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз Ирина Сыҷынааԥҳа лаҳәшьа Зарина.

Ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭаҵан Ахьӡ-аԥша абаҟа амҵангьы. Гагра араион иалҵыз ҩышәҩык инареиҳаны аибашьцәа Аԥсны рхы ақәырҵеит. Урҭ рыхьӡ ахаан кашәара ақәым.

Х-ныҳәаки гәалашәаратә мшыки: гаграа иахырԥаз аусмҩаԥгатәқәа еицазгәарҭеит

 

"Раԥхьатәи Аиааира ашьаҭа ахьакыз Гагра ауп. Ҳҳәынҭқарратә бираҟ Ԥсоу аҳәаа ашьыжь шаанӡа ианахашәыршәыр, аибашьратә ԥышәа змамыз аибашьцәа ҳгәашьамх ӷәӷәаахеит, ахаан аӡәы даҳиааиуам ҳәа ҳхәыцуа ҳалагеит, аҭынчуаа ракәзар, раԥхьаӡакәны инарҵауланы рыԥсыԥ еивыргеит", - ицәаныррақәа ҳаицеиҩишеит Гагра араион ахақәиҭтәра иалахәыз, "Агәымшәарзы" амедал занашьоу Шалуа Жьиба.

Шалуа Жьиба: бџьарда еибашьра ҳцеит, аха аӷа ииааира ҳалшеит

Х-ныҳәаки гәалашәаратә мшыки ирызкыз аусмҩаԥгатә аартуа, Гагра араион Ахадара аиҳабы Иури Хагәышь хәыҷи дуи дрыдныҳәалеит. Агәыӷрагьы ааирԥшит адунеи иалаҵәаз ачымазара бааԥсы шьҭахьҟа ишаанхалак, гәалашәаратә мшума, ныҳәоума, ишахәҭоу еиԥш ажәлар ргәы иҭымҵуа ишымҩаԥгалахо.

"Аҳәынҭқарратә бираҟ амш ҳажәлар рзы аныҳәа дуқәа иреиуоуп. Ҳара ибзианы иаҳдыруеит уи ҳхы ҳақәиҭны ҳаҵагыларц азы закәытә џьабаау иацу. Аԥсны иреиӷьыз аҭыԥҳацәеи арԥарцәеи ршьа зхьыршу абираҟ амш зегь раасҭа ицқьоу, иԥшьоу ныҳәамшуп иахьа, ус иҟазароуп уаҵәгьы", - иҳәеит араион ахада.

Х-ныҳәаки гәалашәаратә мшыки: гаграа иахырԥаз аусмҩаԥгатәқәа еицазгәарҭеит

 

Владислав Арӡынба ҳажәлар ирзалихыз ахақәиҭратә мҩа наӡаӡа изырхәашьуа ҟамлааит ҳәа иуаажәлар азеиӷьашьарақәа рыдикылеит Гагра араионтә еизара ахантәаҩы Асҭан Агрбагьы.

Аофициалтә адныҳәаларатә қәгыларақәа рышьҭахь, асценахь ицәырҵыз Гагра араион акәашаратәи ашәаҳәаратәи коллективқәеи, ахәыҷтәы студиақәеи, аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәеи еизаз ргәалаҟазаара шьҭырхит.

Х-ныҳәаки гәалашәаратә мшыки: гаграа иахырԥаз аусмҩаԥгатәқәа еицазгәарҭеит

 

Апандемиа лаҵара 9 рзы зазгәаҭара иаԥырхагахаз Аиааира амш аҳаҭыр азы, Гагратәи афольклортә ансамбль "Кьараз" инанагӡаз аурыс жәлар рашәа "Катиуша" напеинҟьарала ирыдыркылеит зегьы. Аиҳабыратәи абиԥара рхаҭаранкцәа зны ргәы ԥшаауа, даҽазны рыблақәа ччо артистцәа ирыцырҳәон еицырдыруаз ацәаҳәақәа.

Ахәаԥшцәа хәыҷқәа ргәырӷьара ҵҩа амамызт хәыда-ԥсада аршәы анырзырша. Убас ирыҭан алшара ргәазхара амашьына хәыҷқәа арықәтәареи абатут аҿы аԥареи.

Аныҳәатәи агәалашәартәи усмҩаԥгатә еиҿкаан Гагра араион акультура аҟәша амчала, араион ахадара ацхыраарала.

Иумҳәарц залшом аҵыхәтәаны ажәҩан ахь ишьҭыз асалиут ҳамҭас ақалақьуаа ишырзыҟарҵаз аҭыԥантәи анаплакыҩцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: