Арадио

Гәыргәлиа Очамчыра араион азы: ас ицар, сынтәа аарыхра бзиа ҟалоит

Очамчыра араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ешсоу Гәыргәлиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭаҿы ахәаҷақәа рнырҵәаразы имҩаԥысуа аусурақәа ртәы, насгьы уи азы иахьынӡеиқәшәоу атәы.
Sputnik

 

Гәыргәлиа Очамчыра араион азы: ас ицар, сынтәа аарыхра бзиа ҟалоит

"Араион аҟны МТС иадҵоуп амармалташьтә пти апарпалыкьи рҟынтә ахәышәтәрақәа рымҩаԥгара. Амза 7 инаркны аусқәа ҳнап рылаҳкит, ахәшәқәа ақыҭанхамҩа аминистрраҟнытә иҳауит. Араион аҟны аграфик ҟаҵоуп, ақалақьи ақыҭақәеи ҳрылсырц азы. Иахьазы Маркәыла, ақалақь агәҭаны аусура иаҿуп. Ақәа анауа амш бжьаҳмыжьуазар, егьырахь есыҽны атрактор ҭыҵуеит. Еиҳарак ашьыжь ауп аус аныруа, амш шәшьызар, уи иахьынӡарнаҭо ахәшә ақәырҭәоит. Тракторк иакуеит ҩ-тоннак ахәшә, мышкы иҟалоит уи анрызхо, иҟоуп ҩынтә ианҭарҭәогьы", - ҳәа азгәеиҭеит Гәыргәлиа.

 

Гәыргәлиа иажәақәа рыла, сынтәа ааԥынразы ажәлар адгьыл рнапы адыркылеит, араион аҿы ицәаӷәан 2700 гектар рҟынӡа. Иара иазгәеиҭеит аҽаҩрагьы шыбзиоу, "ас ицар, сынтәа аарыхра бзиа ҟалоит" ҳәа еиҭеиҳәеит Гәыргәлиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: