Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гәыргәлиа араса иазкны: иҿалеит ҳәа акгьы аанагаӡом, иухәышәтәыроуп

© Foto / предоставлено Эшсоу ГургулияЭшсоу Гургулия
Эшсоу Гургулия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Ешсоу Гәыргәлиа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит абаҳчақәа, ауҭраҭых аԥхасҭа рызҭо амаҵа хкқәа рҟынтәи ахәшәтәрақәа рымҩаԥгаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Гәыргәлиа ақыҭанхамҩатә культурақәа рыхәшәтәра иазкны

"Ааԥынразы ақыҭанхамҩа аминистрраҟынтәи ахәшәқәа ҳауит, ақыҭақәа ирзаҳшеит. Амала ахәшәқәа иҳауз ахәаҷақәа зшьуа роуп, акәыкәбаа чымазара (араса иаанахәо - аред.) аҟынтәи апрепаратқәа макьана иаҳмоуцт, наҟ-наҟ иҳауазар ҳәа ҳгәыӷуеит. Ахәшәқәа анхацәа ираҳҭаз ашәырқәа ирықәырҭәеит ахәаҷамаҷақәа рышьразы. Акәыкәбаа чымазара еиҳараӡак араса иаԥырхагоуп. Анхацәа алшара змоу, рхатә ҟәрышь ала ахәшәқәа аахәаны, иҳадҵааланы, ҳара ираҳҭази аҽаки еилаҭәаны араса рхәышәтәуеит. Сынтәа араса уахьахәаԥшуа ибзианы иҿоуп, ԥырхага амаиур, ихәшәтәызар, аҽаҩра бзиахоит. Макьана иҿалеит ҳәа акгьы аанагаӡом, иҳаҩсыз ашықәсқәа иаҳдырбеит ачымазарақәа иҟоу, иухәшәтәыроуп ҩынтә-хынтә, аҽаҩра бзиа уоурц. Афҩыгарақәа ракәзар, акәтаӷьқәа ишьҭарҵаз шьҭа ахыҵра иалагоит", - ҳәа азгәеиҭеит Гәыргәлиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0