Аԥсны аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп: Роспотребнадзораа иҟарҵаз ахәшьара

Роспотребнадзор аусзуҩцәа раара хықәкыс иаман ҳтәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахәшьара аҭареи, аԥсшьаҩцәа рнырхара аобиектқәа ахьынӡазыхиоу агәаҭареи.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 27 - Sputnik. Роспотребнадзор аҟынтә иааз урыстәылатәи аекспертцәа Аԥсны иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа иршьеит, Ареспубликатә лабораториа аусура акәзар, адунеитә стандартқәа ирықәшәоит ҳәа азгәарҭеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Роспотребнадзор аекспертцәа Аԥсны русура хацдыркуеит ԥхынгәы 23 рзы

"Иахьазы иҟоу акритериақәа зегь рыла, ҳепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп. Узыцәшәаша ҳәа акгьы ыҟам. Ааи, ачымазара ахьра ахҭысқәа ыҟоуп, аха жәларбжьаратәи астатистикеи, аепидемиологиатә процесс ахә ашьаразы иҟоу жәларбжьаратәи акритериақәеи рыла, араҟа аепидемиа аҭыԥ амоуп ҳәа узҳәаӡом. Абри атәы иҳәеит ҳреспубликатә лабораториа иаҭааз аҿкаҿагыларатә институт аспециалист. Иара ҳлабораториа аусура ахәшьара аиҭеит, хаҭалагьы авирусологиа аҟәша – уаҟоуп иахьазы акоронавирус аарԥшразы ПЦР-диагностика ахьымҩаԥысуа", - иҳәеит аминистр.

Урыстәылатәи аекспертцәа убас еиԥш агәаанагара иазааит, Ареспубликатә лабораториаҿы имҩаԥырго аҭҵаарақәа жәларбжьаратәи астандартқәа ирықәшәоит ҳәа, Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара астандартқәагьы уахь иналаҵаны ҳәа азгәеиҭеит Ҵахнакьиа.

Роспотребнадзор иаду, Урыстәыла афедералтә гәабзиарахьчаратә усбарҭа иатәу "Амшынеиқәаҿтәи аҿкаҿагыларатә станциа" шәачатәи аҟәша аиҳабы Евгении Манин иазгәеиҭеит, Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьманшәалоу зыбзоуроу ианаамҭаз иҟаҵаз аԥкыратә шьаҿақәа роуп ҳәа.

"Ареспубликаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп. Апандемиа аналага нахыс иалажәгалаз аԥкрақәа аус шыруз убоит. Алабораториа акәзаргьы астандартқәа зегьы ирықәшәоит, агәаҭарақәа рыҩаӡара ҳаракны имҩаԥысуеит", - иҳәеит Манин.

Ҵахнакьиа иажәақәа рыла, урыстәылатәи рколлегацәа абжьгарақәа ҟарҵеит алабораториа аматериалтә-техникатә база арӷәӷәара аганахьала. Иара урҭ абжьгарақәа дрықәшаҳаҭхеит.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра 7,5 миллион мааҭ рыхә амедмаҭәахәқәа аанахәеит

"Иҟалап, имҩаԥаҳго аҭҵаарақәа рхыԥхьаӡара акыр иацлар. Убри аҟнытә алабораториа аусура ҳарӷәӷәароуп. Иахьазы уа аус зуа ҩыџьа алаборантцәа заҵәык роуп, аха иҵегь иадаҳгалаша аспециалистцәа ҳамоуп. Уи нахыс алабораториа уахгьы-ҽынгьы аус ауа иаҳзыҟаҵоит. Иара убасгьы иаахәатәуп еиҭа хыԥхьаӡара рацәала атест-системақәеи егьырҭ аныхратә материалқәеи", - иҳәеит Ҵахнакьиа.

Аминистр ишиҳәаз ала, урыстәылатәи аспециалистцәа ахә ҳаракны иршьеит изҭааны ирбаз аԥсшьаҩцәа рнырхара аҭыԥқәа. Роспотребнадзор аусзуҩцәа асанитартә ԥҟарақәа рықәныҟәара аганахьала абжьгарақәа ҟарҵеит.

"Урҭ абжьгарақәа ҳара ҳсанепидстанциа иҭнажьхьаз ирықәшәоит. Ҳара ҳазлацәажәаз азҵаарақәа иреиуоуп апациентцәа аҳәаа рахыгара, Урыстәыла амедусбарҭақәа рҟны рыхәышәтәразы", - иҳәеит аминистр.

Уаанӡа адырра шыҟаҵаз ала, Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аартра азҵаара иалацәажәахоит Акоронавирус аламырҵәаразы аоперативтә штаб аилатәараҟны Москва, ԥхынгәы 28 рзы.

Акоронавирус иадҳәалоу егьырҭ ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>