"Ари аус адаҳулоижьҭеи 17 шықәса ҵуеит. Ахәыҷқәа ирыдгаланы аус шауа гәаҭаны, убас аҵыхәтәахьы инагоу усумҭоуп ҳәа иазысыԥхьаӡоит. Ицәгьам цхараагӡахоит ҳәа сазхәыцуеит. Иагьа ирацәандаз ацхыраагӡақәа аҵара-ааӡара знапы алаку имазароуп дызлаԥшуа. Ари ахатәы бызшәа тәым бызшәак аҳасабала ахәыҷқәа дырҵара алшара унаҭоит иҿыцу атехнологиақәа рхархәарала. Адунеи зегьы аҿы атәым бызшәа шырҵо, аинтерактивтә методла, шәаҳәарала, хәмаррала, аиҿцәажәарала, ақьаад ҽыҭқәа ралагаларала, акьанџьақәа рыла ирхәмаруа мацарала. Иара хышықәса инаркны фышықәсанӡа зхыҵуа ирзырхоуп. Аурок аҿы иаҳҵо ажәақәа рацәаӡам, иахьа иаҳаз уаҵәы еихаҳауа аду ахь дназгоит, ус анакәымха ирацәаны ианидугала гәахшәарҭас икуеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Ԥачлиаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ҳазхымсыз аԥышәара: Ҭамила Арышԥҳа абызшәа арҵара апроблемақәа ирызкны
Кәакәасқьырԥҳа аԥсуа школ ҿыц аконцепциа "Аԥеиԥш" азы: еиҳа алҵшәа змоу амодельқәа алхуп