Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ԥачлиаԥҳа ахәыҷқәа ахатәы бызшәа дырҵара аметодика ҿыц азы: аҵыхәтәахьы инагоу усумҭоуп

© Foto / предоставлено Гульнарой Пачлия Гульнара Пачлия
Гульнара Пачлия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арҵаҩы, аметодист, 45 шықәса аҵара-ааӡара знапы алаку Гульнара Ԥачлиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ахәыҷқәа аԥсуа бызшәа дырҵаразы иҭыҵыз аметодика ҿыц аус шауа.
Ԥачлиаԥҳа ахәыҷқәа ахатәы бызшәа дырҵаразы аметодика ҿыц азы: аҵыхәтәахьы инагоу усумҭоуп

"Ари аус адаҳулоижьҭеи 17 шықәса ҵуеит. Ахәыҷқәа ирыдгаланы аус шауа гәаҭаны, убас аҵыхәтәахьы инагоу усумҭоуп ҳәа иазысыԥхьаӡоит. Ицәгьам цхараагӡахоит ҳәа сазхәыцуеит. Иагьа ирацәандаз ацхыраагӡақәа аҵара-ааӡара знапы алаку имазароуп дызлаԥшуа. Ари ахатәы бызшәа тәым бызшәак аҳасабала ахәыҷқәа дырҵара алшара унаҭоит иҿыцу атехнологиақәа рхархәарала. Адунеи зегьы аҿы атәым бызшәа шырҵо, аинтерактивтә методла, шәаҳәарала, хәмаррала, аиҿцәажәарала, ақьаад ҽыҭқәа ралагаларала, акьанџьақәа рыла ирхәмаруа мацарала. Иара хышықәса инаркны фышықәсанӡа зхыҵуа ирзырхоуп. Аурок аҿы иаҳҵо ажәақәа рацәаӡам, иахьа иаҳаз уаҵәы еихаҳауа аду ахь дназгоит, ус анакәымха ирацәаны ианидугала гәахшәарҭас икуеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Ԥачлиаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0