Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәакәасқьырԥҳа аԥсуа школ ҿыц аконцепциа "Аԥеиԥш" азы: еиҳа алҵшәа змоу амодельқәа алхуп

© Sputnik / Томас ТхайцукИрина Куакуаскир
Ирина Куакуаскир  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апедагогикатә институт аиҳабы Ирина Кәакәаскьырԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аԥсуа бызшәа арҵара арманшәалара иазку аконцепциа "Аԥеиԥш" алагалара ахьазгәарҭо, уи азы лшарас иҟоу.

Аԥсуа школ азы "Аԥеиԥш" захьӡу апроект ҿыц ахшыҩҵак, аконцепциа, апрограммақәеи арҵагақәеи, ахәыҷбаҳчазы иҿыцу аԥсуа бызшәа арҵара азнеишьа цәырган Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрраҟны. Апроект хықәкыс иамоуп аԥсшәа ҳәынҭқарратә бызшәаны излаҟоу ала, ашколтә системаҿы иақәнагоу аҭыԥ аанкыланы азнеишьа ҿыцқәа рыла алшарақәа азыԥшаазарц. Аминистрраҟны апроект ӡырылгеит Апедагогика институт аиҳабы Ирина Кәакәасқьырԥҳа.

 

Кәакәасқьырԥҳа аԥсуа школ ҿыц аконцепциа "Аԥеиԥш" азы: еиҳа алҵшәа змоу амодельқәа алхуп

"Ашкол ҿыц аҟны иаҳа имариоуп иҿыцу азнеишьақәа раларҵәара, избанзар ицо ашколтә процесс аанкыланы асистема ҿыц алагалара ауадаҩрақәа ацуп. Ашкол ҿыц анаҳҳәа, абызшәа арҵара аганахьала ҳсистемазы иҿыцу амодельқәа азгәаҭоуп ахәыҷбаҳча инаркны ашкол аструктура зегьы азы. Аԥсуа бызшәа астатус ала ҳәынҭқарратә бызшәоуп, ус анакәха, уи иақәнагоу аҵакы азыԥшаатәуп. Зны-зынла ус ҳгәы иаанагоит аԥсышәала аԥсуаа мацара ҳцәажәалароуп аҳәынҭқарраҟны ҳәа. Мап, аҳәынҭқарратә бызшәа анаҳҳәа, Аԥсны иқәынхо амилаҭқәа зегьы рзы ибызшәаны иҟалароуп. Ари зынӡаск иамоу аҵакы апедагогика аганахьалагьы, аметодологиа аганахьалагьы иҿыцу традициоуп ҳсистемазы. Адунеи аҟны иҟоу амодельқәа рҟынтәи зегь реиҳа алҵшәа змоу ҳәа, ҳара ҳаиԥш зҭагылазаашьа ыҟоу абызшәа аҭоурых аганахьала ҳәа иалхын "Абызшәа агәылагалара" захьӡу. Аҳәынҭқарраҿы абызшәа ахархәаразы зегь реиҳа ихадароу маругоуп ашколтә система. Уи аҟны абызшәа инарҭбааны ахархәара ахьамоуз, абиԥарак, ҩ-биԥарак рнаҩс абызшәа ахархәара аиуӡом. "Иԥсуеит" ҳәа ажәаҵәҟьа сзадкылом аԥсуа бызшәа, аха иахьа ишцо ала аԥсуаа ҳаҩнаҭақәа рҟынгьы абызшәа ыӡыр ауеит", - лҳәеит Кәакәасқьырԥҳа.

 

2014 шықәса алагамҭазы Жәлар Реизараҟны ақәҵара рыдыркылеит "Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәазы" азакәан анагӡашьазы, иара убас уи иадҳәалоу "Аӡыргаразы", "Аԥсны аҳәынҭқарра атәылауаҩразы" азакәанқәа. Ақәҵара аԥшьбатәи ахәҭаҷ аҟны иазгәаҭан 2016 шықәсанӡа аԥсуа школқәа рҟны агуманитартә маҭәарқәа реиҳарак аҳәынҭқарратә бызшәахьы ииагазарц. Аҟәа иаартызарц аԥсуа експериминталтә школ. Аминистрраҟны ари апроблематика ҳәаақәылҵоит аԥсуа бызшәа аҿиара апрограммақәа рзы аспециалист хада, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Ҭали Џьапуаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0