АҞӘА, ԥхынгәы 30 - Sputnik. Онлаин-маҵзура Туту.ру зызҵааз рҟынтәи 39 процент амшын аҿы аԥсшьара шырҭаху алыркааит.
Азҵаарақәа рҭак ҟарҵеит 3800-ҩык. Ауаа маҷны иахьыҟоу иҟазар рҭахуп 22 процент ареспондентцәа, убри азы урҭ ақыҭахь ма адачахь ацара рҭахуп.
Ахԥатәи авариант ахь иаҵанакуеит — активла аԥсшьара:
12 процент аныҟәаҩцәа ргәы аҳәоит рыԥсшьаараамҭа ҽыла аныҟәара, амаланыҟәала аныҟәара, аӡқәа рхылара уҳәа рыла имҩаԥыргарц.
9 процентк ақалақьтә туризм, аҭыԥ ԥшӡарақәа рҭаара рҭахуп.
Даҽа 5 процентк — аҩны рыԥсы еиҳа еиӷьны иршьоит ҳәа ирыԥхьаӡоит. 3 процентк иалырхит SPA, агәабзиарахьчаратә туризм.
Изазҵааз рҟынтәи ажәабатәиқәа ирҳәеит аԥсшьара аха шрымам, аус шулатәу.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны ҭаацәала ахәыҷқәа рыцны аԥсшьара еиҳа бзиа иахьырбо ақалақьқәа азгәарҭеит