Амшын аҿы: Урыстәылатәи атуристцәа рыԥсы ршьар ахьырҭаху атәы рҳәоит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация на Украине в связи с коронавирусом
Ситуация на Украине в связи с коронавирусом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Онлаин-маҵзура Туту.ру урыстәылатәи аныҟәаҩцәа рыбжьара азҵаарақәа мҩаԥнагеит еиҳа аԥсшьараз ицарц ахьырҭаху аилкааразы.

АҞӘА, ԥхынгәы 30 - Sputnik. Онлаин-маҵзура Туту.ру зызҵааз рҟынтәи 39 процент амшын аҿы аԥсшьара шырҭаху алыркааит.

Азҵаарақәа рҭак ҟарҵеит 3800-ҩык. Ауаа маҷны иахьыҟоу иҟазар рҭахуп 22 процент ареспондентцәа, убри азы урҭ ақыҭахь ма адачахь ацара рҭахуп.

Ахԥатәи авариант ахь иаҵанакуеит — активла аԥсшьара:

Рада Ажиба, Элеонора Когония, Саида Жиба, Зарина Когония - Sputnik Аҧсны
Ҳара ҳауп зегь раԥхьа ҳаԥсабара ссир збаша: аҩнуҵҟатәи атуризми Ҳабҩи ирызкны

12 процент аныҟәаҩцәа ргәы аҳәоит рыԥсшьаараамҭа ҽыла аныҟәара, амаланыҟәала аныҟәара, аӡқәа рхылара уҳәа рыла имҩаԥыргарц.

9 процентк ақалақьтә туризм, аҭыԥ ԥшӡарақәа рҭаара рҭахуп.

Даҽа 5 процентк — аҩны рыԥсы еиҳа еиӷьны иршьоит ҳәа ирыԥхьаӡоит. 3 процентк иалырхит SPA, агәабзиарахьчаратә туризм.

Изазҵааз рҟынтәи ажәабатәиқәа ирҳәеит аԥсшьара аха шрымам, аус шулатәу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0