Ҳара ҳауп зегь раԥхьа ҳаԥсабара ссир збаша: аҩнуҵҟатәи атуризми Ҳабҩи ирызкны

© Foto / Рада АжибаРада Ажиба, Элеонора Когония, Саида Жиба, Зарина Когония
Рада Ажиба, Элеонора Когония, Саида Жиба, Зарина Когония - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ауааԥсыра рзыҳәан аҩнуҵҟатәи аныҟәарақәа реиҿкаара азҵаареи аџьабаа иацәымшәо ауаа шыҟоу атәи далацәажәоит мышқәак раԥхьа Аҷандара ақыҭа иахьаҵанакуа Ҳабҩы ашьхахь ныҟәара ицаз Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Ҳара ҳауп зегь раԥхьа ҳаԥсабара ссир збаша: аҩнуҵҟатәи атуризми Ҳабҩи

Ашкол ҳанҭаз исгәалашәоит аамҭа-аамҭала ныҟәара ҳаргон. Уи ашкол аметодикатә хырхарҭа иахәҭакын. Зегь реиҳа иԥшӡаны схаҿы инхаз Амҭҟьалтәи ҳныҟәара ауп. Х-аха инарзынаԥшуа ҳаиҳабацәа ҳацны ашьхараҿ икаршәу аӡиа азааигәара ҳаԥхьон. Баша ҳаԥсы ҳшьомызт, уа ҳаҟазаара аԥсабара аԥшӡара агәаҭара адагьы, аспорттә, акультуратә усмҩаԥгатәқәа ҳаман. Ҳанылбаауаз, ҵабалтәи амҩала ҳалбааит, мҩа маҷмызт, аха ҳхәыҷра ааԥсара ҳнардыруамызт. Абас шакәызгьы, Аԥсны ахи аҵыхәеи уажә сықәрахь саннеи ауп избо саналагаз.

Ауадҳара иеиҿкааз аҿартә лагер - Sputnik Аҧсны
Бла иабо хы иаԥсоуп, мамзаргьы аԥсуаа аԥсшьареи аныҟәареи разыҟазаашьа

Иахьатәи аԥсуа туризм ҳазааҭгылозар, еиҳарк анҭыҵынтәи иаауа рзоуп издырҿио.

Абар ҩышықәса ирықәуп, сҩызцәа ажурналистцәа Зарина Коӷониа, Саидеи Радеи Жьиԥҳацәа срыцны, уаанӡа иаҳамбацыз аҭыԥқәа ҳарҭаауа ҳалагеижьҭеи. Аԥсуа театр аҿы аус анызуаз, акыр сныҟәахьан, сахьымнеиц ԥсыуа қыҭак ыҟам, аха акультуратә баҟақәеи аӡҭыҽҽа ссирқәеи рӷьырак уажәоуп избо саналагаз…

Даара акыр ҳныҟәахьеит сҩызцәеи сареи, аха Ҳабҩы ҳамцацызт. Амҩа здыруаз иҳарҳәеит уахь илаҟәу амашьына хәыҷ ала цашьа шыҟам, иҭел ҳарҭеит урҭ амҩақәа зыбла хҩаны ирхысырц зылшо ауаҩы.

Зарина Коӷониаԥҳа: ҳааигәара иҟоу ҳҭоурых иаҳа ҳазҿлымҳазароуп>>

Ҳмашьына хәыҷ ала иашҭа ҳанҭалеит а-Царгәыш. Аукы, ихы-иҿы ааиқәаны, агәыкра ицны "бзиала шәаабеит" ҳәа даҳԥылеит Ҳабҩыҟа ҳамҩаԥызгараны иҟаз аԥсуа хаҵа.

© Foto / Рада АжибаГәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭа
Ҳара ҳауп зегь раԥхьа ҳаԥсабара ссир збаша: аҩнуҵҟатәи атуризми Ҳабҩи ирызкны - Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭа

Беслан Царгәыш дынхоит ашьхақәа ирыԥну Аҷандара ақыҭа агәаны, насгьы Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа наԥшыхақә акәым ишидыруа. Абар 15 шықәса ҵуеит, аибашьра аветеран, хҩык ахшара раб аџьиԥинг ззырҳәо даҿуижьҭеи.

Дынхоит иара ихыркны акәымкәа, ԥсыуак ишихәҭоу еиԥш, инхара ауаа рыла ихымсло. Беслан иашҭа лаша ҩбаны еихагылоу аҩны ҭагылоуп, уахьынаԥшы-ааԥшуа анхара анапы адкыланы измоу абраҟа дшаԥшәымоу убоит.

© Foto / Рада АжибаСаида Жьиԥҳаи, Елеонора Коӷониаԥҳаи, Ҳабҩытәи аҭыԥ ԥшӡарақәа дзырбаз аекскурсиамҩаԥгаҩ, Аҷандара ақыҭа анхаҩы Беслан Царгәыши
Ҳара ҳауп зегь раԥхьа ҳаԥсабара ссир збаша: аҩнуҵҟатәи атуризми Ҳабҩи ирызкны - Sputnik Аҧсны
Саида Жьиԥҳаи, Елеонора Коӷониаԥҳаи, Ҳабҩытәи аҭыԥ ԥшӡарақәа дзырбаз аекскурсиамҩаԥгаҩ, Аҷандара ақыҭа анхаҩы Беслан Царгәыши

Аҷандара ҳнеиаанӡа амҩа ҳахьаныз иаҳбарҭан ҵыԥх уажәаны атуристцәа рыла иҭәыз амшын аҟәара, амҩа иаԥныз асасааирҭақәа уҳәа иҭыкка ишыҟоу. Апандемиа иахҟьаны, атуризм знапы алаку зегьы усурҭада иаанхагәышьеит.

Жьиԥҳа: ҳахәмарны аҿаҭахьа ҳақәаҳҵеит – Аԥсны зехьынџьара иҳамбакәа ҳшымԥсуа ҳәа>>

Амҩа ҳақәнаҵы иаҳхәыцуаз, избан изалыршамзеи аҩнуҵҟатәи атуризм арҿиара? Ирацәаҩуп ҳтәыла иамоу аԥшӡарақәа зымбац, нас иалымшаӡои атуристтә фирмақәа рыхшыҩ аҭыԥантәи ауааԥсыра ирыздырхар?!

Храм в Мокве - Sputnik Аҧсны
Мықә, Ҷлоу, Отаԥ: Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа сыхнахит

Сынтәа зықьҩык инарзынаԥшуа ашкол аҿы рҵара хдыркәшеит, рҭаацәеи дареи асоциалтә ҳақәа рҿы аресторанқәа рахь зыхә ҳараку рымаҭәақәа рышәҵаны иахьзымцо азы иашшуеит, аха иара убри аамҭазы Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа рҽеизакны рҭаара азҵаатәы зныкгьы ишьҭырымхыц. Атәыла аҩнуҵҟатәи атуризм инадҳәаланы, ҽнактәи аныҟәара, уахыктәи аресторан аҿы инухуа аасҭагьы еиҵахоит уҽазкны уныҟәо уалагар. Ауаҩы иара дахьынхо итәыла наԥшыхақә акәым, хаҭала ибла иаирбароуп, Аԥсны аԥшӡара асасцәа рзы мацара акәӡам изыҟоу.

Изыхҟьазаалак, аҩнуҵҟатәи атуризм ҿиара дук амам, аха сынтәа иҟалаз аҭагылазаашьа иаԥшны, издыруада, ҳтәылауаа анеиааира рхы азыркыр, уи иабзоураны атуризм знапы алаку, ирацәамзаргьы, аусутә роур алшон...

Ажьиԥҳа: атәыла аҩнуҵаҟа ҳаиҭанаиааира иреиӷьу ӡыргароуп ҳақалақьқәа рзы>>

Беслан Царгәыш баша машьынарныҟәцаҩым, иара аекскурсиа амҩаԥгаразы даара дҟазоуп. Иашҭаҿы ҳмашьына хәыҷы ныжьны, Ҳабҩыҟа ихалоз имашьына ду ҳлақәтәаны ҳҿынаҳхеит, изҩыдоу аԥсабара ҳаԥыларцы. Беслан алаф иҳәон, "сара еиҳарак аурысшәа заҳауа атуристцәа роуп иныҟәызго, убри аҟынтә, раԥхьаӡа акәны аԥсуа туристцәа ԥсышәала ахҳәаа рзыҟасҵоит" ҳәа.

© Foto / Рада АжибаҲабҩы, Ааԥсҭа аӡиас
Ҳара ҳауп зегь раԥхьа ҳаԥсабара ссир збаша: аҩнуҵҟатәи атуризми Ҳабҩи ирызкны - Sputnik Аҧсны
Ҳабҩы, Ааԥсҭа аӡиас

Ҳамҩаныза амҩа ҳақәнаҵы иаҳзеиҭеиҳәон иахьа иҭацәу, аха анкьа араҟа инхоз ауаа ирыбзазашьаз. Алашара ыҟамызт, аха рырахә, рышәахә уҳәа, Анцәа ишиҳәара инхон иҳәеит. Арҭ аҭыԥқәа рҿы анкьа инхоз Џьниаа, Чамагәуаа, Инаԥҳаа лбааҟа ицеижьҭеи акыр ҵуеит, аха зегь акоуп еиқәханы иҟаз Зарина лҭынхацәа рыҩны ашҭагьы ҳҭанагалеит. Асезон аныҟаз, аҷандараа рыҷқәынцәа арҭ аҭыԥқәа акыр игәцараркуан, амҩа аӡын маҷк еиланажьуазаргьы, ааԥын анааилакь идрыцқьоит, еиҟарартәуеит.

© Foto / Рада АжибаАҷандараа Ҳабҩытәи аԥсабара пату ақәҵаны ирымоуп
Ҳара ҳауп зегь раԥхьа ҳаԥсабара ссир збаша: аҩнуҵҟатәи атуризми Ҳабҩи ирызкны - Sputnik Аҧсны
Аҷандараа Ҳабҩытәи аԥсабара пату ақәҵаны ирымоуп

Ҳмашьынарныҟәцаҩ иаԥсшәа хазынала аҭыԥантәи атуризм аусзуҩцәа рџьабаа, русушьа апринципқәа ҳзеиҭеиҳәон. Уажәы-уажә имашьына ду ииасуа аӡиас Ааԥсҭа амч хьаас имкыкәа агәырқьҳәа инырсуан.

© Foto / Рада АжибаҲабҩыҟа амҩа уахьынӡақәу изныкымкәа аӡиас урроуп
Ҳара ҳауп зегь раԥхьа ҳаԥсабара ссир збаша: аҩнуҵҟатәи атуризми Ҳабҩи ирызкны - Sputnik Аҧсны
Ҳабҩыҟа амҩа уахьынӡақәу изныкымкәа аӡиас урроуп

Иҳамбаӡакәа аӡҭыҽҽақәа руак ҳазааит, дара зынӡа хԥа ыҟоуп: Ҳабҩы, Ацә ахы, Ааԥсҭа. Ҳахьынаԥшы-ааԥшуаз агәамсам ишакәым икажьны иҳамбеит, ииашоуп, џьара-џьара ашәарыцаҩцәа рышьҭрақәа ахьынрыжьызгьы ыҟоуп.

© Foto / Рада АжибаРада Ажьиԥҳа Ҳабҩытәи аӡҭыҽҽа ашьапаҟны
Ҳара ҳауп зегь раԥхьа ҳаԥсабара ссир збаша: аҩнуҵҟатәи атуризми Ҳабҩи ирызкны - Sputnik Аҧсны
Рада Ажьиԥҳа Ҳабҩытәи аӡҭыҽҽа ашьапаҟны

Беслан ибзоурала, ҳара иаҳбеит агеолог Курочкин ибаҟа, уи гылоуп аекспедициа анымҩаԥигоз иҭадырхаз ихьӡ зху аҩхааҿы. Ҳабҩытәи аԥсабара аҭыԥҳацқьа илеиԥшуп, иубоит аԥсҭазаара ишашаз ишыҟоу, атуризм ашьҭрақәа уԥылозаргьы.

© Foto / Рада АжибаАқыҭауаа рырахә Ҳабҩыҟа икарцалоит
Ҳара ҳауп зегь раԥхьа ҳаԥсабара ссир збаша: аҩнуҵҟатәи атуризми Ҳабҩи ирызкны - Sputnik Аҧсны
Ақыҭауаа рырахә Ҳабҩыҟа икарцалоит

Сҩызцәеи сареи ҳалацәажәон, шаҟа ҭыԥ ссир аҵаҵәахны иамоузеи ҳара ҳаԥсабара, нас уи зегь раԥхьаӡа зыбла иабарц зыхәҭоу ҳара ҳакәӡами? Аҽнытәи ҳныҟәара еснагь еиԥш, пикникла ихҳаркәшеит, амҩа ҳаршәазаргьы, ҳала иабаз аԥсабара аԥшӡара ҳгәы акыр ишьҭнахит.

© Foto / Рада АжибаАԥснытәи аԥсабара аԥшӡара збаша раԥхьа иргыланы ҳара аԥсуаа ҳхаҭақәа ҳауп рҳәоит Елеонора Коӷониаԥҳаи лҩызцәеи
Ҳара ҳауп зегь раԥхьа ҳаԥсабара ссир збаша: аҩнуҵҟатәи атуризми Ҳабҩи ирызкны - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аԥсабара аԥшӡара збаша раԥхьа иргыланы ҳара аԥсуаа ҳхаҭақәа ҳауп рҳәоит Елеонора Коӷониаԥҳаи лҩызцәеи

Аҩныҟа ҳаныгьежьуаз схәыцуан, ииашам аԥсуаа аусура бзиа ирбом ҳәа зны-зынла ҳхы иазаҳҳәо. Беслан Царгәыш ихатә џьабаа дыннархеит, ус анакәха, аԥсуа аусура дацәхьаҵуам. Сажәабжь афырхаҵа, атуристцәа рымҩаԥгара анаҩсангьы, изныкымкәа аӡы иагоз атуристцәа еиқәирхахьеит. Уи иара ианеиҭеиҳәо, уамаӡак ҟазҵаз иеиԥш акәымкәа, иара иусура иахәҭакны иԥхьаӡоит…

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0