Даҽа жәаҩык: Аԥсны акоронавирус ахҭыс ҿыцқәа аадырԥшит

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны акоронавирус рылоу ирыламу агәаҭаразы атестқәа ирхыжьын 93-ҩык ауааԥсыра.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 30 - Sputnik. Адиагноз COVID-19 шьақәырӷәӷәоуп иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы игәаҭаз 93-ҩык ауааԥсыра рахьтә жәаҩык рҿы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб. 

Иахьатәи аамҭазы Гәдоуҭатәи Араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп акоронавирус ззышьақәырӷәӷәоу 14-ҩык апациентцәа. 30-ҩык аҩны рҽыԥхьакны иҟоуп, урҭ рхыԥхьаӡараҿы атестқәа рҭакқәа ирзыԥшугьы ыҟоуп ҳәа аҳәоит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Апандемиа аалагеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа 81-ҩык чмазаҩхахьеит, 37-ҩык ргәы бзиахеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>