АҞӘА, ԥхынгәы 30 - Sputnik. Адиагноз COVID-19 шьақәырӷәӷәоуп иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы игәаҭаз 93-ҩык ауааԥсыра рахьтә жәаҩык рҿы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Иахьатәи аамҭазы Гәдоуҭатәи Араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп акоронавирус ззышьақәырӷәӷәоу 14-ҩык апациентцәа. 30-ҩык аҩны рҽыԥхьакны иҟоуп, урҭ рхыԥхьаӡараҿы атестқәа рҭакқәа ирзыԥшугьы ыҟоуп ҳәа аҳәоит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Апандемиа аалагеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа 81-ҩык чмазаҩхахьеит, 37-ҩык ргәы бзиахеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>