Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
Ақыҭа ԥсҭазаареи ақалақь ԥсҭазаареи шеиԥшым ззымдыруада. Ииашам аҳәара акы аасҭа егьи иаҳа имариоуп ҳәа. Уигьы егьигьы ауаҩы иџьабаа рыдзароуп.
Актәи аҟны ихадароу адгьыл анапы адкылара акәзар, аҩбатәи аҿы хшыҩла аусура уаамҭа зегь азкызароуп. Убри аан иазгәаҭатәуп, ҭыԥк аҟны итәаны аусура аасҭа, махәҿалатәи аусура ауаҩы игәабзиара иаҳа ишазеиӷьу. Имаӡам ақыҭаҟны зегьы анхара шрылымшо еиԥш, ақалақь ԥсҭазаара иацу аӷьал-пал ззымчҳауагьы рацәоуп. Ақалақь иашьцылам, уи аԥсҭазаара анаалашьа иақәымшәаз длалаӡ дцаргьы ауеит.
Ақыҭанхамҩа аԥсҭазаара атәы далацәажәо, Уаҭҳара ақыҭанхаҩ, 86 шықәса зхыҵуа Ира Қапԥҳа-Аиба ақыҭаҿы лыԥсҭазаара ашықәсқәа еидкыланы, уажәы ақыҭаҿы анкьеиԥш аџьабаа рбаӡом лҳәоит.
"Ақыҭа мариоума, есымша акы уаҿызароуп, унхарц азы аус уулароуп, ухандеилароуп: ужә, укәты, ушәишәи, акәҷар – урҭ зегьы урхылаԥшлароуп, хазы адгьыл укызароуп, ууҭра-сыҭра. Ари иҟаланы уаԥхьа ианықәу зегьы бзиа иаҳбоит, аха иҟабымҵар кыр ҟалома?! Сара сакәзар, абыржә ақалақь ахь сган сынбырхаргьы амалаҳәагьы иагьысҭахым. Аҷкәынцәа, аҭацацәа – зегьы аус руеит. Ари аҩны иҟоу аҷкәынгьы аус иуеит. Аусурантәи данаалак ибырҟаҵои, уа дааԥсоит. Иахьынӡаҳалшо ҳрывагылоуп", – ҳәа азгәалҭоит.
Ира Қапԥҳа ишылҳәо ала, лара данқәыԥшыз аамҭақәа рзы амал имоуп ҳәа ззырҳәоз ҩ-цак рызна аԥш зызгылаз, арахә-хы рацәаны измаз, абаҳча ааӡаны изызгылаз иакәын.
Наԥшыхақә уанынаԥшуа аԥсуа қыҭақәа рыԥсабара аԥшӡара уаналаԥшуа, џьанаҭ ҭыԥуп уҳәоит, аха уаҟа инхо рзы ауадаҩрақәа маҷым. Сара сахьныҟәахьоу ақыҭақәа рҟны, анхацәа сахьразҵаауа, раԥхьа иргыланы зегьы ирҳәо уадаҩрас ирымоу ҳәа, аӡы аҟамзаароуп, иара убас амҩақәеи. Сара сзын иџьашьахәын, иагьгачамкран, аӡырыжәтә змамкәа, иаазхәо ақыҭауаа шыҟоу ансаҳа. Аԥсны аҟарагьы аӡы-цқьақәа змам атәылақәа ак ҟарҵахьеит (акы аҟынгьы иҟоума!). Аӡымҩангагатә цәаҳәақәа қыҭақәак рҟынӡа рнагара уаҳа изыҟамлеит, мҩабжара ишышьҭаз иаанхеит.
"Сара санааигьы абра аӡы рымаӡамызт, Аҭәадоу ҳцаны иааҳгон, аԥҳалқәа рыла ҳцаны иааҳгон. Жәа-литрак аӡы зкуаз аԥҳал саҵаланы иаазгон, абас сыжәҩа иқәыргыланы. Усҟан схәыҷымзи, саргьы сҭацамзи, сышнеиуа еиҳабык дысԥылар, амни сыԥҳал саҵыҵны иргыланы, схы ларҟәны сааскьаны снагылон, амҩа исҭон, иаԥхьа сиасӡомызт. Нас аԥсшәа ансеиҳәалак ашьҭахь, днасыцхрааны ишьҭыхны инасиркуеит, дырҩегь сымҩа иацысҵон. Нас усҟан ҳзыҩназ аҩнқәа уажә еиԥш иабаҟаз. Анышәаԥшь, абри иҟаԥшьшәа иҟамзи, нас аҽ-уац, ацемент, абас-абас еилырхны, нас абас ишышны иҟамзи абыцқәа рыла, ирыбжьаҳшьуан, иаҳшьыхуан. Абри аҩны абас снапала иҟасҵеит. Нас аҳашҳа ааҳгон, акьыр еиԥш ипашәӡа иҟан, убри нахьшьны иаҳшәуан, ихәаԥштәылашәа иҟалон. Уажәы абарҭ зегьы иҟоу, аҩнқәа ӷьазӷьазуа идыргылоит, иббоит, ҽырбагоуп изҿу. Аҿар зегь ықәҵхьеит, зегьы ақалақь аҿы аусқәа руеит. Иаауеит асабша, амҽыша, сабша-мҽышала узынхаӡом", – ҳәа лажәа иацылҵоит лара.
Ақыҭанхамҩа арҿиаразы аҭагылазаашьақәа аԥҵазар, аҿар ықәымҵразы ашколқәа ҳаамҭа иақәшәо еиқәыршәазар, ауаҩы ақалақь аҟны аус иуазаргьы уи ԥырхагоуп узҳәом. Амҩа аныҟала, уцага-уаага аныҟала, уеизгьы-уеизгьы ақыҭа аҟынтәи ақалақь ахь ацәырҵразы сааҭк еиҳаны уагом, Урыстәыла иҟоу идуу ақалақьқәа ирыҿурԥшузар, ауаа аметроқәа сааҭк-ҩ-сааҭкгьы ирҭоуп русурҭа ҭыԥ ахь инеиразы.
Ана-ара иуаҳауа, ақыҭауаа рхатәы мчала иҟарҵо аргыларақәа, ҳәарада, угәы иамыхәар залшом. Иаҳҳәап, Кәтол ақыҭа ампыласырҭатә ҭыԥ иаҿуп дара ақыҭанхацәа рымчқәа рыла, Уаҭҳара акәзаргьы убас еиԥш ихацдыркит анапылампыл асырҭазы ашкол иамоу аспорттә хыбра аиҭашьақәыргылара. Аха уи зегьы ӡыгмацәазк амшын иӡаашәалаз иаҩызоуп.
Ҳара ҳбызшәеи, ҳҵасқәеи, ҳқьабзқәеи еиқәырханы иаазго ақыҭа ауп. Аҳәынҭқарра уи хылаԥшра анамҭакәа еиқәырхашьа зыҟалом. Уимоу, иахьатәи аҭагылазаашьаҿы, COVID-19 ҳазҭанаргылаз атәы уҳәозар, ақыҭанхамҩа хеиқәырхагас иаҳзыҟаларгьы ҟалоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ақыҭа ашьҭыхра аамҭа ааит
Анхаҩы: ақыҭа агәыгәҭажьра ҳаҟәыҵаанӡа ҳара ҳзыҿиаӡом, ҳзеиқәхаӡом