Анхаҩы: ақыҭа агәыгәҭажьра ҳаҟәыҵаанӡа ҳара ҳзыҿиаӡом, ҳзеиқәхаӡом

© Sputnik / Томас ТхайцукПрогноз
Прогноз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Баслахә ақыҭан инхо Сергеи Берлаа ԥшьҩык ахшара драбуп: ҩыџьа иреиҳау аҵараиурҭа астудентцәеи, ҩыџьа ашколхәыҷқәеи. Ахшара рацәа зааӡо аб диҿцәажәеит Аинар Ҷыҭанаа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

- Изеиԥшроузеи иахьатәи аамҭазы ахшара рацәа рааӡара?

Праздник урожая в Лыхны - Sputnik Аҧсны
Иреиӷьу ақыҭа алкааразы аиндаҭлара мҩаԥгахоит

— Ахшара рацәа рааӡара- ари џьабаауп, аха иагьнасыԥуп. Ҳдемографиа аҭагылазаашьа ҳасаб азуны иахьа ҳара иҳамазар ауп амилаҭ стратегиа, ҩнаҭацыԥхьаӡа хҩы-ԥшьҩык ахшара рымазаара алзыршо. Ҳара ҳазқәынхо адгьыл барақьаҭуп, аха уи ҳшаԥшәымацәоу ҳанхар ҳҭахызар, ҳаҿиалароуп. Уи алыршаразы аҳәынҭқарра иҟанаҵо маҷым, аха зегьакоуп уи ацхыраара рацәак уаҩы иныԥшуам, еиҳаракгьы ақыҭа уаҩы. Аус злоу убри ауп: ақыҭаҿы ахныҟәгара цәгьахеит. Анкьа анхаҩы инахандеи шиԥылоз агәыӷра имазҭгьы, иахьа уи иџьабаа ыӡуа иалагеит. Аарыхра иаԥырхаго ахәаҷа-маҷақәа, аҳауа уҳәа ирацәоуп афакторқәа. Анхаҩы ихшара зланыҟәиго имаур, напы рыцәигхоит, уи аангьы ахәыҷы деизҳацыԥхьаӡа иҭахрақәа ирыцымлозар, ирыгхаӡом. Ааигәа ҳраион аҿы еизарак ыҟан. Абиуџьет ианалацәажәоз ирҳәеит акультура иазоужьу аԥара ҩынтә ишеиҳау, ақыҭанхамҩа иазоужьу аасҭа. Ари сара даараӡа иџьасшьеит, сгәаанагара зегьы ираҳартә сагьцәажәеит. Ҳара ҳабацәа раԥхьа аус руан, нас акәын ианыкәашоз, ианышәаҳәоз.

- Иарбан ԥынгылақәоу ахәыҷқәа рааӡараҿы иахьа аҭаацәа зынио?

— Аҭаацәа рыдагьы ахәыҷы иааӡараҿы ароль ӷәӷәа нарыгӡоит ателехәаԥшреи аинтернети. Иахьа ҳара ҳтелехәаԥшра аԥсышәалагьы ицәажәоит, аха еиҳарак аԥыжәара змоу аурыс каналқәа роуп. Урҭ рмилаҭ хдырра иаҵанакуа ҳара иҳацәтәымуп, урҭ иԥшӡоуп ҳәа ирыԥхьаӡо ҳара ҳзы ихьымӡӷуп. Убри аҟнытә иҟалалоит аҭагылазаашьа, ҭаацәашәала уеилатәаны ателехәаԥшра уанзамыхәаԥшуа. Сара исҳәом атәым каналқәа зегьы ҽеиӡам, урҭ рыхәаԥшра ҟалом ҳәа. Аха ҳара ҳахшара ԥсуала иҳааӡар ҳҭахызар арҭ акәама-ҵамақәа зегьы ахшыҩзышьҭра рыҭалатәуп. Избанзар дара роуп уаҵәтәи ҳԥеиԥш, ҳмилаҭ уаҵәтәи ахаҿра. Сгәанала, ҳмилаҭ ахаҿрагьы ҳара ҳхаҭа хәыҷ-хәыҷы аицакра ҳаҿуп, изыхҟьогьы ҳқыҭақәа еиҳа-еиҳа иахьыҭацәуа ауп. Акультуратә ԥсҭазаара зегьы ақалақь ахь ииагоуп. Ақалақь хәыҷқәа ашкол инаваргыланы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы рхы аадырԥшларц алшара бзиақәа рымоуп. Уи иаанагаӡом ақыҭақәа рҿгьы аҳәынҭқарратә ансамбльқәа ҟаҵатәуп ҳәа. Еиуеиԥшым ахаԥшьгарақәа реиҿкаара уадаҩра рацәа зцу усуп ҳәа сгәы иаанагом.

Анзор Аиба ақәаҭана ахәҭақәа дрыхцәажәоит - Sputnik Аҧсны
Анхаҩы Анзор Аиба ақәаҭана аиҿартәышьа даҳзалацәажәеит

Ақыҭа хәыҷқәа еиҳагьы ирыцхраалатәуп, аҵарааӡара аҟны аиԥш, ҳаамҭазтәи аԥсҭазаашьа ашьҭкаараҿгьы. Ақыҭа аныҿиа- ҳаԥсуарагьы ӷьацон, иахьа ихҭакны иҳамоу абызшәа апроблемагьы ҟалаӡомызт. Иахьа ҳҿы зырцәажәо апоетцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, ҳапрезидентцәа рыԥшьҩык уҳәа, шамахамзар зегьы ақыҭа иалҵыз роуп. Ақыҭа агәыгәҭажьра ҳаҟәыҵаанӡа ҳара ҳзыҿиаӡом, ҳзеизҳаӡом. Убри дырны иҳамазар ҳахәҭоуп. Ҳаҿиара иаԥышьклаҳәуа даҽа ԥынгылак акәны исыԥхьаӡоит азакәан иадгылои азакәан иаҿагылои реиҩдыраашьа ахьаҳзымдыруа. Ҳаԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагылаз ҳара зегьы аӡәык иеиԥш ҳаидгылеит, аха аҭынч ԥсҭазаараҿы ажәлар реидкылара мариаӡам. Урҭ еидызкылар зылшо азакәан заҵәык ауп. Сара саб афронт аҟнытә даныхынҳә аҽны ақыҭсовет асалам шәҟәы изаарыцҳаит. Уаҟа иаҳәон аԥсшьаразы хымш шимаз, аԥшьбатәи амш азы азеиԥш ус ахь дхынҳәыр шихәҭаз. Абас акәын усҟан азакәан аус шауаз. Уи иаанагаӡом Сталин ирежим иазыхынҳәтәуп ҳәа. Иаҭаху азакәан аус аруроуп.

- Баслахәаа иакымкәа шәажәеинраалақәа ҿырҳәала ирҳәо саҳахьеит. Шәанбалагеи аҩра?

— Апоезиа абзиабара саб иаҳәшьа илҿысҵааит. Санмаҷыз инаркны изныкымкәа еиуеиԥшым агазеҭқәа ирнылахьеит сажәеинраалақәа. Аха сара споетуп ҳәа арҿиара с́ҽадцаланы сыҩуам. Иҟалалоит амуза анысҭаауа. Усҟан апоезиа амарҭхәқәа снапахьы иааганы цәаҳәақәак зыҩуеит. Уи сара ԥсшьарак исзаҩызоуп.

- Шәхатәы аизга ҭшәыжьыр шәҭахӡами?

— Макьаназы уи аус сахыццакӡом, аха ҳаԥхьаҟа џьара акы алыршахар, ҳәарада сара сзы игәахәара дуухон.

Ажәабжьқәа зегьы
0