Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳалбад аҵарадырра аҭагылазаашьазы

Хра злоу ахҭысқәа - иалкаау аполитикатә, асоциалтә, акультуратә хҭысқәа. Ҳара урҭ ҳрылацәажәоит, ахәшьара раҳҭоит, алкаа рзыҟаҳҵоит.
Sputnik

Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрреи Аҟәа ақалақь аҵара аусбарҭеи рыспециалист хада, ААУ арҵаҩ нага Валентина Ҳалбад арадио Sputnik аефир аҿы ашколқәа роушьҭымҭацәа рдыррақәа рыҩаӡара далацәажәеит.

ААУ ахь ԥышәарада абитуриентцәа рыдыркылеит

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет адкыларатә комиссиаҿы сынтәа ирыӡбеит абитуриентцәа ирҭираны иҟаз аԥышәарақәа зегьыҵәҟьа дмырҭикәа ирыдыркыларц.

Атәылаҿ акоронавирус иадҳәалан иҟоу аҭагылазаашьала, авирус аламырҵәаразы ԥышәарада абитуриентцәа ҳадаҳкыларц ҳаӡбеит", - ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ААУ аректор ихаҭыԥуаҩ Виктор Маланӡиа.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит акороновирустә ҿкы иахҟьаны ашколқәа русура ахьеиԥҟьаз азы абитуриентцәа рдыррақәа ԥсыҽхеит ҳәа. Убри аҟынтә адкыларатә комиссиа иаӡбеит актәи асессиа ахыркәшамҭаз урҭ рдыррақәа реилкаара еиӷьуп ҳәа.

Сынтәа Аԥсны иреиҳаӡоу аҵараиурҭахь 668 арзаҳал рыдыркылеит.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: