"Иаку абилеҭ" ала аныҟәара хацыркхоит нанҳәа 5 инаркны

Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аадыртит нанҳәа 1 инаркны. Нанҳәа 3 азтәи адыррақәа рыла аҳәаа иахысхьеит 30 000-ҩык ауааԥсыра.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 3 - Sputnik. Шәача аҳаиртә баӷәаза ма Адлер аихамҩатә станциаҟынтәи Аԥсны ақалақьқәа хәба рахь иаарц "Иаку абилеҭ" ала аныҟәара хацыркхоит. Абри атәы ҳәа аанацҳауеит "Иаку атранспорттә дирекциа" апресс-маҵзура.

"Аԥсны Аҳәынҭқаррахь "иаку абилеҭ" ала аныҟәара хацыркхоит. Аныҟәара хацыркхоит 2020 шықәса нанҳәа 5 инаркны, Шәача аҳаиртә баӷәаза ма Адлер аихамҩатә станциаҟынтәи Аԥсны ақалақьқәа хәба: Гәдоуҭа, Афон ҿыц, Гагра, Пицунда, Аҟәа рахь", - аанацҳауеит апресс-маҵзура.

Амаршрут зегьы аҟны апассаџьырцәа ацхырааратә маҵзура имҩаԥнагалоит.

Аԥсныҟа ацаразы "иаку абилеҭ" аахәара алшоит нанҳәа 3 инаркны. Ахәԥса 2019 шықәса рзы ишыҟаз иаанхоит. "Иаку абилеҭ" ахәԥса:

  • "Шәача – Гагра" - 380 мааҭ
  • "Шәача - Пицунда" - 420 мааҭ
  • "Шәача - Гәдоуҭа" - 460 мааҭ
  • "Шәача - Афон ҿыц" - 520 мааҭ
  • "Шәача - Аҟәа" - 560 мааҭ.

"Иаку абилеҭ" аахәара ауеит Урыстәыла аҳаиртә ма адәыӷбатә кассақәа рҿы, РЖД асаит аҿы, аҳаиртә билеҭқәа раахәараз Атранспорттә клирингтә палата апорталқәа рҿы, иара убасгьы Аԥсны аихамҩатә кассақәа рҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: