Ацәыргақәҵа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" нанҳәа 7 рзы иаркхоит

Аҟәа ақалақь амш азы иаатыз ацәыргақәҵа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" шьақәгылоуп ХХ-тәи ашәышықәсеи ҳаамҭазтәии аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Аҟәа иазку рҭыхымҭақәа 40 рыла.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 4 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ацәыргақәҵа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа"  нанҳәа 7 рзы иаркхоит ҳәа Sputnik адырра алҭеит ацәыргақәҵа акуроатор Ельвира Арсалиаԥҳа.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, ацәыргақәҵа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" нанҳәа 10 рзынӡа иаартхоит ҳәа иазыӡбан.

"Ари акоронавирус иадҳәалам. Ацәыргақәҵа аҿҳәара нҵәоит. Амш алкаауп асахьаҭыхыҩцәеи аҭааҩцәеи ирзыманшәалахартә еиԥш", - ҳәа лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Ацәыргақәҵа аркраан имҩаԥгахоит ареспублика ашколқәа рҟынтәи аҭааҩцәеи асахьаҭыхыҩцәеи реиԥылара.

Ацәыргақәҵа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" нанҳәа 10 рзынӡа иаартхоит

"Асахьаҭыхыҩцәа еиҭарҳәараны иҟоуп рҟазараҿы Аҟәа, иара архитектура, абаҟақәа ҭыԥс иааныркыло атәы. Аҭааҩцәа ироуеит алшара ирҭаху азҵаарақәа рыҭираз", - ҳәа лҳәоит лара.

Аҟәа ақалақь амш азы иаатыз ацәыргақәҵа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" шьақәгылоуп ХХ-тәи ашәышықәсеи ҳаамҭазтәии аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Аҟәа иазку рҭыхымҭақәа 49 рыла.

Ацәыргақәҵа еиҿнакааит Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла. Аҭааҩцәа ирбарц ирыдгалан Аҟәа аҭоурыхи акультуреи ирыдҳәалоу аусумҭақәа. Ацәыргақәҵа иалахәхоит аурыс шәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи Аҟәазы ргәалашәарақәа зну аекспозициақәагьы.

Ара иҟан асахьаҭыхыҩцәа - Баҭал Џьапуа, Александр Семенцов, Мадина Бигәааԥҳа, Руслан Габлиа, Диана Хынҭәԥҳа, Витали Қацәба, Лаша Габелиа, Амиран Адлеиба уҳәа егьырҭгьы русумҭақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: