Ацәыргақәҵа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" нанҳәа 10 рзынӡа иаартхоит

© Sputnik / Марианна КубраваВыставка в ЦВЗ
Выставка в ЦВЗ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь амш азы иаатыз ацәыргақәҵа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" шьақәгылоуп ХХ-тәи ашәышықәсеи ҳаамҭазтәии аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Аҟәа иазку рҭыхымҭақәа 49 рыла.

АҞӘА, ԥхынгәы 21 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ацәыргақәҵа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра аӡбрала нанҳәа 10 рзынӡа иаартхоит ҳәа лҳәоит ацәыргақәҵа акуратор Ельвира Арсалиаԥҳа Facebook аҿтәи лофициалтә даҟьаҿы.

Ԥхынгәы 24 рзы аҭааҩцәа еиҭарзеиҿкаахоит ардырратә лекциа. Аҟәа ақалақьи абаҟақәеи рҭоурыхқәа ирылацәажәоит археолог, аҭоурыхдырыҩ Баҭал Кәабахьиеи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аԥсабара аҟәша аиҳабы Таисиа Аланиаԥҳаи.

Аекскурсиа мҩаԥылгоит Ельвира Арсалиаԥҳа лхаҭа.

Эльвира Арсалия  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Арсалиаԥҳа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" азы: ацәыргақәҵа аҭааҩцәа ҿыцрақәак рзаатуеит

Ацәыргақәҵа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" аатит ԥхынгәы 3 рзы, аҳҭнықалақь аныҳәа амш азы Аҟәатәи ацәыргақәҵатә зал хадаҟны.

Ацәыргақәҵа еиҿнакааит Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла. Аҭааҩцәа ирбарц ирыдгалан Аҟәа аҭоурыхи акультуреи ирыдҳәалоу аусумҭақәа. Ацәыргақәҵа иалахәхоит аурыс шәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи Аҟәазы ргәалашәарақәа зну аекспозициақәагьы.

Зынӡа 50 усумҭа алкаан. Иӡыргоуп иара убасгьы Осип Мандельштам, Константин Паустовски, Антон Чехов Аԥсны рыҟазаара иазкны ирыҩхьаз рахцәажәарақәа.

Ара иҟан асахьаҭыхыҩцәа - Баҭал Џьапуа, Александр Семенцов, Мадина Бигәааԥҳа, Руслан Габлиа, Диана Хынҭәԥҳа, Витали Қацәба, Лаша Габелиа, Амиран Адлеиба уҳәа егьырҭгьы русумҭақәа, зынӡа 50 инарзынаԥшуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0