Урыстәылеи Аԥсни рҳәаа аадыртызар аахыс 92 нызқьҩык ауаа ахысхьеит

Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа ахысразы официалла аԥкырақәа аԥырхит нанҳәа 1 азы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аҳәаа аадыртызар аахыс 92 нызқьи 61-ҩык аҳәаа иахысит ҳәа аанацҳауеит Шәачатәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит Шәача

Нанҳәа 1-5 ирылагӡаны  аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" ала ииасит 18 821  транспорттә хархәага.

Урҭ рҟынтәи: 17 614  автомашьына ласы, 751 еидарамҩангага, 456 автобус.

"Иалшо ауснагӡатәқәа зегьы мҩаԥаагоит аҳазалхратә хылаԥшра арласразы, аҳәаа аамҭарацәада ахысразы. Наҟ-ааҟ аус руеит 23 цәаҳәа.  Убри аан еизҳауеит апассаџьырцәеи атранспорти рхыԥхьаӡара", - ҳәа азгәарҭеит апресс-маҵзураҿы.

Иахьа, нанҳәа 5 рзы Шәача ақалақь ахадараҿы Шәача ахада Алексеи Копаигородски амчратә структурақәеи атуристтә усхк анаплакқәеи алархәны Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿ аҭагылазаашьеи аҳәаахьчаратә ҭыԥ "Адлер" аусура аиӷьтәышьеи рзы аилацәажәара мҩаԥигеит.

Уаанӡа, Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аҳәаа аадыртызар, нанҳәа 1-3 рыла 30 нызқьҩык аҳәаа ихысит ҳәа аанацҳаит Шәачатәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.