Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аҳәаа ҩымш рыла 30 нызқьҩык ахысит

© SputnikГраница на реке Псоу
Граница на реке Псоу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи аҳәаа ахысразы аԥкырақәа аԥырхит нанҳәа 1 азы. Нанҳәа 2 асааҭ 08:00 рзы аҳәаа иахысхьан 7,5 нызқьҩык.

АҞӘА, нанҳәа 3 - Sputnik. Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аҳәаа аадыртызар, ҩымш рыла 30 нызқьҩык ахысит ҳәа аанацҳауеит Шәачатәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

Нанҳәа 1-2 аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" ала ииасит 6933 транспорттә хархәага.

Урҭ рҟынтәи:

  • 6300 автомашьына ласы
  • 370 еидарамҩангага
  • 190 автобус.

Иара убасгьы иазгәаҭоуп нанҳәа 2 рзы аҳәаа ишахысыз раԥхьатәи аекскурсиатә автобусқәа.

Нанҳәа 2 рзы Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрраҿы амедицинатә усзуҩцәеи аоператив штаб алахәылацәеи изаамҭанытәим реилатәара мҩаԥган аҳәаа аартра ашьҭахь иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инамаданы.

Аҭыԥантәи ауааԥсыра рыбжьара акоронавирус алаҵәареи аҳәаа аартреи ирыхҟьаны аԥснытәи амедицина еихәлахар алшоит ҳәа иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Алхас Конџьариа аилатәараҿы.

Аԥсны акоронавирус змоу рхыԥхьаӡара 98-ҩык инеихьеит. Урҭ рҟынтәи 37-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрраҿы аилатәара мҩаԥган
Ажәабжьқәа зегьы
0