Ҩымш рыла 500-ҩык инарзынаԥшуа ауаа Аԥсныҟа ихынҳәит

Агуманитартә коридор аартуп нанҳәа 5-9 асааҭ 9:00 - 19:00 рзы аамҭала Қырҭтәыла иҟаз Аԥсны атәылауаа хынҳәырц азы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа ихынҳәит 476-ҩык инареиҳаны агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ "Егры" аҟны иаартыз агуманитартә коридор ала, абри атәы Sputnik имҩаԥысыз апресс-конференциаҿ еиҭеиҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә отриад аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Рудольф Цыба.

Цыба, иажәақәа рыла нанҳәа 5 рзы Аԥсныҟа иааиит 188-ҩык, нанҳәа 6 рзы – 288-ҩык.

Агуманитартә коридор аус ауеит нанҳәа 5 - 9 рыбжьара асааҭ 9:00 инаркны 19:00 сааҭ рҟынӡа.

Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра ҟалоит абарҭ адокументқәа умазар:

  • Атәыла анҭыҵ ауаҩы ихаҿра шьақәзырӷәӷәо Аԥсны атәылауаҩ итәылауаҩшәҟәы;
  • Аԥсны атәылауаҩ иҩнуҵҟатәи азеиԥшуаажәларратә тәылауаҩшәҟәы (2016 шықәсазтәи);
  • Аԥсны аҵакыраҿы иааиԥмырҟьаӡакәа инхо аҳәаанырцә тәылауаҩ, ма атәылауаҩра змам ахаҿы анхарҭа аиуразы ишәҟәы;
  • Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ирынаҭаз аформа №9 ала аилыркаага;
  • 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа ирымазароуп аиразы аршаҳаҭга.

Аҳәаа иахысуа зегьы ргәабзиара аҭагылазаашьа амедико-санитартә хылаԥшра арҭоит.

Аамҭала Қырҭтәыла иҟаз Аԥсны атәылауаа хынҳәырц азы ԥхынгәы 13-17 рзы иаартыз агуманитартә коридор ала 1269-ҩык инареиҳаны ауаа хынҳәит.