АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа ихынҳәит 476-ҩык инареиҳаны агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ "Егры" аҟны иаартыз агуманитартә коридор ала, абри атәы Sputnik имҩаԥысыз апресс-конференциаҿ еиҭеиҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә отриад аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Рудольф Цыба.
Цыба, иажәақәа рыла нанҳәа 5 рзы Аԥсныҟа иааиит 188-ҩык, нанҳәа 6 рзы – 288-ҩык.
Агуманитартә коридор аус ауеит нанҳәа 5 - 9 рыбжьара асааҭ 9:00 инаркны 19:00 сааҭ рҟынӡа.
Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра ҟалоит абарҭ адокументқәа умазар:
- Атәыла анҭыҵ ауаҩы ихаҿра шьақәзырӷәӷәо Аԥсны атәылауаҩ итәылауаҩшәҟәы;
- Аԥсны атәылауаҩ иҩнуҵҟатәи азеиԥшуаажәларратә тәылауаҩшәҟәы (2016 шықәсазтәи);
- Аԥсны аҵакыраҿы иааиԥмырҟьаӡакәа инхо аҳәаанырцә тәылауаҩ, ма атәылауаҩра змам ахаҿы анхарҭа аиуразы ишәҟәы;
- Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ирынаҭаз аформа №9 ала аилыркаага;
- 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа ирымазароуп аиразы аршаҳаҭга.
Аҳәаа иахысуа зегьы ргәабзиара аҭагылазаашьа амедико-санитартә хылаԥшра арҭоит.
Аамҭала Қырҭтәыла иҟаз Аԥсны атәылауаа хынҳәырц азы ԥхынгәы 13-17 рзы иаартыз агуманитартә коридор ала 1269-ҩык инареиҳаны ауаа хынҳәит.