АҞӘА, нанҳәа 8 - Sputnik, Сария Кәарцхьиа. 160 нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра аурыс-аԥсуа ҳәаа иахысит нанҳәа 1-7 рыбжьара ҳәа Sputnik акорреспондент адырра лылҭеит Шәачатәи аҳазалхратә маҵзура апресс-маӡаныҟәгаҩ Марина Жупанова.
"Аҳазатә гәаҭара мҩаԥгоуп 160 нызқьҩык ахаҿқәеи 32 нызқь инарзынаԥшуа атранспорттә хархәагақәеи рганахьала, Аԥсны Урыстәылеи рҳәаа аҩ-хырхарҭак рыла иахысуаз", - ҳәа агәалҭеит Жупанова.
Атранспорттә хархәагақәа рахьтә 30 нызқь – амашьына ласқәа роуп, 1200 автобусқәоуп, 1300 аидара машьынақәоуп.
"Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла аурыс-аԥсуа ҳәаа иахысит 33 нызқьҩык ауааԥсыреи фбеи бжаки нызқь амашьынақәеи", - ҳәа ацылҵеит Шәачатәи аҳазалхратә маҵзура апресс-маӡаныҟәгаҩ.
Аурыс-аԥсуа ҳәаа аартын нанҳәа 1 азы.
Уаанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахаҭарнак Рудольф Цыба Sputnik аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаҿы иҳәеит, иара идыррақәа рыла, нанҳәа 1 инаркны Урыстәылантә Аԥсныҟа иҭалахьоу ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 200 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит ҳәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит Шәача