Москватәи аҳақьымцәа ргәыԥ Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь иааит

Урыстәылатәи аҳақьымцәа аԥснытәи рколлегацәа ирыцхыраауеит акоронавирустә инфекциа аҿагылараҿы, иуадаҩу ачымазцәа рыхәышәьтәышьазы аконсультациақәа ҟарҵоит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Аԥснытәи рколлегацәа ацхыраара рыҭаразы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иаҭааит Сеченов ихьӡ зху Московатәи амедицинатә университет аҳақьымцәа ргәыԥ, абри атәыаанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Москватәи аҳақьымцәа ргәыԥ Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь иааит

Ареспубликахь иааит атерапиеи апрофессионалтә чымазарақәеи ркафедра апрофессор Елена Попова зхадараҿы дыҟоу аинфекционистцәа, анефрологцәа, анестезиолог-реаниматологцәа, апульмонолог.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа урыстәылатәи аҟазауаа дырԥылеит.

"Москватәи амедицинатә усзуҩцәа иҭырҵаауеит аҭыԥ аҿы ахәышәтәырҭа еиҳа иаҭаху аҳақьымцәа, аус адырулоит аҷаԥшьара аграфик. Иара убасгьы дара ахәышәтәратә зҵаарақәа зегьы рыӡбара рылшоит. Ҳҳақьымцәа рзы имҩаԥыргоит аконсилиумқәеи амастер-классқәеи", - еиҭеиҳәеит Ҵахнакьиа.

Москватәи аҳақьымцәа ргәыԥ Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь иааит

Урыстәылатәи амедикцәа аконсультациақәа рыдагьы аҿкы змоу рыхәышәтәра иалахәхоит, аҳәоит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура адырраҭара.

"Ҳгәыԥ иалахәуп ковид змоу рыхәышәтәра зылшо аҟазауаа. Идыруп ачымазара ҿкы еиуеиԥшым ауаҩытәыҩса ицәеижь хәҭақәа анырра шырнаҭо. Ҳара зегьы ковид-инфекциа ахәышәтәразы азыҟаҵара ҷыдеи аԥышәеи ҳамоуп. Апандемиа иаалагазар иахьанӡа афедералтә диагностикатә центр аҿы 10 000 пациент ковид-инфекциа змоу аконсультациақәа рзыҟаҳҵахьеит", – лҳәеит апрофссор Елена Попова.

Москватәи аҳақьымцәа ргәыԥ Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь иааит

Лара Аԥсны аиҳабыра, агәабзиарахьчара аминистрра ҭабуп ҳәа ралҳәоит русура аиҿкааразы аҭагылазаашьа бзиақәа ахьаԥҵаз азы. Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ахәышәтәратә процесс шьахәны еиҿкаауп ҳәа азгәалҭеит лара.

"Ҳара иҳарҳәеит ачымазара ахәышәтәразы ԥышәа дук шыҟамгьы хәшәыла аиқәыршәара бзиа шеиҿкаау. Апрактикатә цхыраара адагьы аҳақьымцәа идҳарҵоит ҳаамҭазтәи азнеишьақәа", - лҳәеит апрофессор Попова.

Урыстәылатәи аҳақьымцәа аԥснытәи рколлегацәа ирыцхыраауеит акоронавирустә инфекциа аҿагылараҿы, иуадаҩу ачымазцәа рыхәышәтәышьазы аконсультациақәа ҟарҵоит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>