АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik. Даҽа ҩыџьа Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рыдбалоуп ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
"Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә чымазара амазааразы агәаҭара иахысит 105-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә адиагноз COVID-19 рзықәыргылоуп ҩыџьа. Ачымазцәа ирныруаз ауаа ргәаҭарақәа ирыцҵахоит", - ҳәа аҳәоит аштаб аацҳамҭа.
Иахьазы Аԥсны акоронавирус здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 109-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 37-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>