"Ҩымш-хымш раахыс аԥсшьаҩцәа рхы ҳнықәыԥшуа ҳалагеит. Ҳгәыӷуеит иаанхаз аамҭа иалагӡаны ҳуалқәеи ҳареи ҳаиҩысып ҳәа. Гагра, Пицунда аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа анҭҭәлак, нас ҳара ҳахь еиҳа иаауа иалагоит. Арахь иаауа Отаԥ, Елыр иҟаз роуп, иааҭгылоит, инахәаԥшны ианцо ыҟоуп, иҟоуп акы инацҳауагьы. Атурфирмақәеи ҳареи аиқәшаҳаҭра ҳәа акгьы ҳабжьам, арахь иақәшәо зхатә машьынала Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩы иоуп. Иџьаушьашьа, аԥсацәа усҟак ирыздырӡом ари аҭыԥ атәылахь ԥсшьараҳәа иаауа ишырдыруа еиԥш. Ҽнак уажәазы 7-10-ҩык роуп иаҳҭаауа, ҵыԥх акәзар, 40 рҟынӡа, 100-ҩык аныҟаз убарын. Аха егьа ауаа ҟаларгьы ҩымз рыла иуааӡо зегьы узыҭиӡом, нас уи аӡын иӷыҵугароуп, ирфо рацәоуп, нас акык-ҩбак ушахасуа уа иаанҵәоит. Аԥхын аамҭа быжьба ааба тонна ҳҭииртә иҟазҭгьы, ҳаргьы акы ҳахашәалон, аусгьы ибзиан ицарын", - еиҭеиҳәеит Гәарамиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Инаԥшьба: Аԥсны аԥсыӡкра акультура шьҭыхтәуп, иҳамоу амал еиҷаҳатәуп
Гәарамиа Гәылрыԥштәи акалмаҳааӡарҭа аусуразы: аԥхын иҳарҳаз ала аӡын ҳҭысуеит