Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гәарамиа Драндатәи акалмаҳааӡарҭа аԥсшьаҩцәа рҭааразы: рхы ҳнықәыԥшуа ҳалагеит

© Foto / предоставил Беслан ГварамияБеслан Гварамия
Беслан Гварамия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дранда аҳаблаҿ иҟоу акалмаҳааӡарҭа аԥшәма Беслан Гәарамиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҳәаа аартра русура ишаныԥшыз атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Гәарамиа акалмаҳааӡарҭа аусуразы

"Ҩымш-хымш раахыс аԥсшьаҩцәа рхы ҳнықәыԥшуа ҳалагеит. Ҳгәыӷуеит иаанхаз аамҭа иалагӡаны ҳуалқәеи ҳареи ҳаиҩысып ҳәа. Гагра, Пицунда аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа анҭҭәлак, нас ҳара ҳахь еиҳа иаауа иалагоит. Арахь иаауа Отаԥ, Елыр иҟаз роуп, иааҭгылоит, инахәаԥшны ианцо ыҟоуп, иҟоуп акы инацҳауагьы. Атурфирмақәеи ҳареи аиқәшаҳаҭра ҳәа акгьы ҳабжьам, арахь иақәшәо зхатә машьынала Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩы иоуп. Иџьаушьашьа, аԥсацәа усҟак ирыздырӡом ари аҭыԥ атәылахь ԥсшьараҳәа иаауа ишырдыруа еиԥш. Ҽнак уажәазы 7-10-ҩык роуп иаҳҭаауа, ҵыԥх акәзар, 40 рҟынӡа, 100-ҩык аныҟаз убарын. Аха егьа ауаа ҟаларгьы ҩымз рыла иуааӡо зегьы узыҭиӡом, нас уи аӡын иӷыҵугароуп, ирфо рацәоуп, нас акык-ҩбак ушахасуа уа иаанҵәоит. Аԥхын аамҭа быжьба ааба тонна ҳҭииртә иҟазҭгьы, ҳаргьы акы ҳахашәалон, аусгьы ибзиан ицарын", - еиҭеиҳәеит Гәарамиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0