Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Инаԥшьба: Аԥсны аԥсыӡкра акультура шьҭыхтәуп, иҳамоу амал еиҷаҳатәуп

© SputnikРуслан Инапшба
Руслан Инапшба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 12 рзы адунеи аҿы иазгәарҭоит аԥсыӡкҩы имш. Ҵәгәырла аԥсыӡкра бзиа избо Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Руслан Инаԥшьба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ҳтәылаҿы иҟоу аԥсыӡхшьаара апроблема атәы, насгьы аԥсыӡқәа рыхьӡ аԥсышәала ахархәара замам.
Инаԥшьба: Аԥсны аԥсыӡкра акультура шҭыхтәуп, иҳамоу амал еиҷаҳатәуп

"Аԥсыӡкыҩцәа аԥсышәала аԥсыӡқәа рыхьӡ ҳҳәаӡом, иҳаздырӡом. Ҳхы иаҳархәо аурыс бызшәоуп. Арахь аԥсуаа жәытә-натә аахыс амшын, аӡы ҳадҳәалан, аӡы иҭоу зыԥсы ҭоу зегь рыхьӡ ҳамоуп иара аҟазшьеи аԥшреи иадҳәаланы. Иҟоуп ашәҟәы урҭ зегьы ахьарбоу. Саныхәыҷыз абиблиотекаҟнытә иганы саԥхьахьан, џьара иҟамкәа иҟаларым, ибзиан, ажәлар рҟынӡа лассы-лассы иаҳԥыло аԥсыӡқәа рыхьыӡқәа инагазар", - ҳәа иҳәеит Инаԥшьба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0