Волгоград инаркны Аԥснынӡа: 50 командаҟаҵаратә пункт аартуп аҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны

Аладатәи арратә округ аҵакыра зегьы аҿы, Волгоградтәи аобласт инаркны Аахыҵ Кавказ ареспубликақәа Ермантәыла, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынӡа, Ҟрым инаркны Даӷьысҭани Астрахани рҟынӡа иаартуп акомандаҟаҵаратә пунктқәа.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Аладатәи арратә округ арратә хәҭақәа ркомандаҟаҵаратә пунктқәа 50 аартуп аҽазыҟаҵара ҷыдақәа рҳәаа иҭагӡаны ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла ААО апресс-маҵзура.

Аҽазыҟаҵарақәа рхықәкы хадан иҟоуп: арратә округ акомандаҟаҵарақәа зегьы риенырра ашьақәыргылара. АПЕ-5 акомплекс шьаҭас измоу асистемақәа иалдыршоит ар зегьы абарҭ апунктқәа рҟынтәи анапхгара рыҭара.

Аҽазыҟаҵара ҷыда иалахәуп аԥырҩы дызҭам аппаратқәа, анџьныртә ҟәшақәа, арадиациатәии, ахимиатәии, абиологиатәии хьчара аҟәшақәа. Акомандаҟаҵаратә пунктқәа ршәарҭадара еиқәдыршәоит арратә полициа аҟәшақәа.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит Урыстәыла арратә мчрақәа рыштаб Хада рнапхгарала.

Ауснагӡатә иалахәуп 6 000-ҩык рҟынӡа аруаа, 1,5 нызқь арратә техника.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: