Ареаниматолог Гәдоуҭатәи COVID-центр аусура далацәажәоит

Мшаԥымза аахыс Аԥсны иахьаҵанакуа 148 коронавирустә хҭыс ҟалахьеит. Апациентцәа рыхәышәтәра мҩаԥыргоит Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭаҿ. Уи уажәы COVID-чымазцәа ргоспиталь ҳәа ииагоуп.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 12 – Sputnik. Гәдоуҭатәи агоспиталь ареаниматологцәа ачымазцәа хьанҭақәа ҳәа ишьоу рыхәышәтәра мҩаԥыргоит ҳәа Аԥсуа телехәаԥшра  иазеиҭеиҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым-реаниматолог Дамеи Занҭариа.

Ареанимациатә ҷаԥшьарақәа мҩаԥгоуп аҭахратә принцип ала.

Урыстәылатәи аҳақьымцәа Гәдоуҭатәи агоспиталь аусура шьахәуп ҳәа ахырҳәааит

"Астудентцәа анаҳзышьҭаз урҭ рҟынтәи ихьанҭаз аӡәгьы дыҟамызт. Мышктәи аҷаԥшьарақәа мҩаԥаагон. Аамҭак азы ачымазцәа зынӡагьы иҳамамызт, аха аҷаԥшьара шыҟац иҟан. Уажәы мчыбжьык ҳҷаԥшьоит нас ҩымчыбжьатәи аҽыԥхьакра мҩаԥаагоит", - ҳәа иҳәеит Занҭариа.

Гәдоуҭатәи  агоспиталь аҿы аусуратә ҭагылазаашьақәа уадаҩуп, "азона ҟаԥшь" аҿы аус зуа  ацәамаҭәа ҷыда ныҟәыргоит, иҟоуп апалатақәа акондиционерқәа ахьыҟам ҳәа еиҭеиҳәоит аҳақьым.

"Иаабац аусуратә ҭагылазаашьеи уажәтәи аусуратә ҭагылазаашьеи узеидкылом. Ауаҩы асеиԥш аус имуроуп. Еснагь ҳаҷаԥшьара иаҵанакуаз уахыки-ҽнаки ракәын. Иара убасгьы  аҩаӡара ҳарак змоу ахыхьчага хархәагақәа ҳамам. Аҭагылазаашьа шыуадаҩугьы, амедперсонал хшаҭарыда аус руеит", - ҳәа иҳәеит иара.

Ареаниматолог иазгәеиҭеит акоронавирус змоу рыхәышәтәразы иазхо ахәшәқәа шыҟоу.

Аԥсны иахьаҵанакуа COVID-19 рыдбалоуп 148-ҩык. Урҭ рҟынтәи 50-ҩык ргәы бзиахахьеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: