Урыстәылатәи аҳақьымцәа Гәдоуҭатәи агоспиталь аусура шьахәуп ҳәа ахырҳәааит

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи рколлегацәа ацхыраара рыҭаразы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иаҭааит Сеченов ихьӡ зху Московатәи амедицинатә университет аҳақьымцәа ргәыԥ нанҳәа 9 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 11 – Sputnik. Аԥсны акоронавирустә инфекциа ахьырхәышәтәуа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ аусура даара ибзианы еиҿкаауп ҳәа еиҭалҳәеит Московатәи амедицинатә университет атерапиеи апрофессионалтә чымазарақәеи ркафедра апрофессор Елена Попова.

"Агәахәара ҳнаҭеит ацқьара, аиҿкаашьа. Иҟоу апроблемақәа реиҳарак аекономикатә ҟазшьоуп ирымоу. Ачымазцәа апалата цқьақәа рҿы ишьҭоуп. Иахәҭоу ахархәагақәа ыҟоуп. Иҟоуп ахыхьчага маҭәахәқәа, антисептикқәа", - лҳәеит лара.

В Гудаутскую ЦРБ прибыла группа медиков из Московского государственного медицинского университета им. И.М. Сеченова - Sputnik Аҧсны
Москватәи аҳақьымцәа ргәыԥ Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь иааит

Попова иазгәалҭеит ишазымхо ареспиратортә аппаратқәа, аҵәыҵәри аконцентраторқәа.

"Макьаназ апациентцәа аҳауа рзыбзиоуп. Уажәы ишоуроуп, аультрафиолет хәарҭоуп ачымазара аиааиразы. Аҳақьымцәеи ҳареи ҳҽазаҳшәоит аҭыԥантәи аҭагылазаашьа иақәшәаша ахәышәтәра апрограмма ашьақәыргылара. Иалацәажәан апалатақәа аҳауа рыҩнарсра. Ахәышәтәырҭа аҳаракыраҿ игылоуп. Аԥенџьырқәа аартлатәуп ҳәа азаҳаԥхьаӡеит", - лҳәеит лара.

Урыстәылатәи аҳақьымцәа аԥснытәи рколлегацәа ирыцхыраауеит акоронавирустә инфекциа аҿагылараҿы.

Попова лажәақәа рыла, ачымазцәа алҩаара рҽазыҟарҵоит. Атуристцәа еиҳа-еиҳа рхыԥхьаӡара арацәахара инадҳәаланы ҭагалан ачымазцәа еиҳа еиҳахар ҟалоит.

Аԥснытәи рколлегацәа ацхыраара рыҭаразы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иаҭааит Сеченов ихьӡ зху Московатәи амедицинатә университет аҳақьымцәа ргәыԥ, атерапиеи апрофессионалтә чымазарақәеи ркафедра апрофессор Елена Попова зхадараҿы дыҟоу аинфекционистцәа, анефрологцәа, анестезиолог-реаниматологцәа, апульмонолог.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла апандемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны ачымазара здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 143-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 45-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб нанҳәа 8 рзы адырра ҟанаҵеит раԥхьатәи авирус змоу атурист Урыстәылаҟа дшыргаз.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0