Ацагьы ахьшәашәагьы иабылуа…

Аԥхынра аҵыхәтәантәи амзазы Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аартра ажәлар рҟны ицәырнагаз еиҿагыло агәаанагарақәеи ачымазара ҿкы ҳшазыҟоуи дырзааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Sputnik
Ацагьы ахьшәашәагьы иабылуа…

Аԥсны атуризм ахаҿра шьҭызхша ҳәынҭқаррахароуп ҳәа азызԥхьаӡоз маҷҩымызт. Аиашазы, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы уи аҿиара аиуа иалагеит, асервис аганахь ахьысҳарақәа ыҟазаргьы. Гагра, Пицунда, Афон ҿыц уҳәа иқәынхо ауааԥсыра рӷьырак абри атуризм ирнаҭо алоуп  рхы шныҟәырго. Очамчыреи, Тҟәарчали, Гәлырыԥшьтәи  араионқәа ирықәынхо ауааԥсырагьы, маҷ-маҷ акәзаргьы, атуристтә обиектқәа аадыртуа, уи ахырхарҭала аус еиҿыркаауа иалагеит. Уимоу, Бзыԥтәи ахырхарҭахь аԥхын ицаны аус зуа рацәаҩуп.

Амшынцқьеи аԥшӡарақәеи: атуристцәа Аԥсныҟа изаауа

Ҳтәылаҿы ауаа аус ахьыруша афабрикақәеи азауадқәеи рцәаара аԥшаара зламариам ала, ауааԥсыра рӷьырак атуризм ала рхы ныҟәыргоит ҳҳәар ауеит. Абас ҳшааиуаз, COVID-19 захьӡу агәыргьынчмазара адунеи амҽханакит, уи азы апандемиа иҳалаҳәоу иахҟьаны, ҳҳәынҭқарра аҳәаа аркхеит, атуристтә сезон аӷьырак нҵәаанӡа. Ари иаргәамҵуан атуристтә хырхарҭаҿы аус зуаз ауааԥсыра, даҽа ганкахьала, аҳәаа аартра ауаа ргәабзиара ашәарҭара иҭанаргыларгьы алшон.

Аԥсни Урстәылеи рҳәаа аартра, аԥсуа аган мацара иазыӡбуамызт, убри аҟынтә аҩ-ганкы еизааибаганы иаартын нанҳәа мза акы азы.

Иара ачымазара ҳтәылауаа шазыҟооу сазааҭгылозар, агәра зго еиҳа имаҷҩуп, изымго раасҭа. "Иаашәырты аҳәаа, ҳхәыҷқәа ҳазныҟәгаӡом", - ҳаԥхьон асоциалтә ҳақәа рҿы, ирацәаҩымзаргьы - "аҳәаа аартра гәаӷьыуацәоуп", - зҳәозгьы ыҟан. Ажәакала, ацагьы ахьшәашәагьы иабылуаз ҳарҩызахеит.

160 нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра аҳәаа иахысит мчыбжьык аҩнуҵҟала

Аҳәаа аартра мышқәак шагыз Гагра амитинг маҷ мҩаԥган "аҳәаа аашәырты, мамзар ҳҭахоит" ҳәа аҳәамҭақәа ахьыҟаҵаз. Мышқәак рышьҭахь иаадырит аҳәаа. Ахьышәҭҳәа феисбуктәи ацәахәаҿы: "Аиҳабыра ажәлар ргәабзиара иазхәыцуам, ишԥыкәу аҳәаа шаадыртыз?!" - ҳәа ацәажәарақәа цәырҵит. Амчра "ахы зҿашуа среиуам" аха, ас еиԥш ахымҩаԥгашьа адкылара сцәыуадаҩуп. Иадыркыр, изаркузеи? Иаадыртыр, изаадыртызеи?

Ачымазара атәы ҳҳәозар, иахьагьы ахы ҳнарбоит, макьана инаҳалсны имцакәа ишеиқәымтәо шьақәырӷәӷәо. Агәыргьынчмазра ҳшазыҟоу сеиҭазыхынҳәуазар, еиҳарк аԥсуаа акашәа ирбом, ацәгьеи абзиеи рҿы игәыдеибаҳәҳәалоит, иара зынӡа акризис аныҟазгьы, уамак ирыцклаԥшуамызт аҽацәыхьчаразы иҳалаҳәаз аԥҟарақәа. Ақыҭахь санцало, саԥсшәаҳәашьа аҽахьеиҭанакыз уамашәа избогьы ыҟоуп: "Абри ирҳәо агәра бгома, мцуп!" - ҳәа аасаҭаркуеит асанитартә нормақәа раҳаҭыраз агәыдеибаҳәҳәалара мап шацәыскуа анысҳәалак.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа амедеиҳәшьа: аибашьраан аус шаҳуаз еиԥш иаҳуеит

Уажә аабыкьа, сара издыруа џьоукы рҭаацәа рҿы ицәырҵит ачымазара, урҭ уажәы ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп. Убасҵәҟьа дарбанызаалак ихьыр ауеит COVID-19, убри аҟынтә зынӡа авирус атәамбара ауадаҩра цәырнагар алшоит.

Иҟоуп даҽа зҵаатәыкгьы, акыр иџьашьахәуп ззуҳәаша. Абри агәыргьынчмазара ҳәа изышьҭоу, егьырҭ авирустә чмазарақәа реиԥш, ауаҩы ицәа иаднагалар алшоит, аха ҳара ҳҿы, уи зхьыз уамак ҟазҵаз реиԥш ирыхәаԥшуа иалагеит. Ауаҩы идиагноз шьақәдыргылаанӡа, ауҳәан-сҳәан атәыла иналарҵоит, ажәакала, изхьыз иаԥхьа ауаа ираҳауеит, насгьы гәаӷшақә иҟаиҵазшәа, иршо ингәарыргалоит. Абри иахҟьаны, ачымазара зхы иадызбало, уи асимптомқәа зауа ианимырзо ҟалар алшоит, насгьы ауаа ираҳар ҳәа дацәшәаны, зынӡа анализ аҭара дымнеиргьы ауеит.

COVID-19  чмазара ҿкуп, убри аҟынтә ҳара иҳаԥсахроуп ҳазнеишьа, хырҩа азымукәа, аҽацәыхьчашьагьы ҳҵароуп. Уажәы аҳәаа аартуп, атуристцәагьы аауа иалагеит, ҵоуп, ҵыԥхтәи асезон еиԥш уи знапы алаку ахашәала ду рнамҭаргьы алшоит, аха зегь акоуп гәыӷрак ыҟоуп аԥсҭазаара еинылап ҳәа.

Аҳәаа аартуп, адәыӷбақәагьы аныҟәара иалагеит, атуристцәагьы арахь иаалашт, авирус аҽацәыхьчашьа ҳазҵар, иалшоит нанҳәеи цәыббрамзеи аусутә ҟаларгьы, уимоу, ҽаҩраҭагалангьы иаҳҭаауа дҟалар ҟалоит. Анцәа иумҳәан, аха авирус аҽарӷәӷәар, аҳәаа аашәырты ҳәа аҭыӡшәа ҟазҵоз, изаашәыртызеи ҳәа амчра аганхь агәынамӡара аадырԥшышт, избанзар, ҳарҭ ахьшәашәагьы ацагьы ҳабылуеит…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар алшоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: