Ареитингтә еиндаҭлара: Игор Адлеиба Екатеринбург дықәгылараны дыҟоуп

Атитул агаразы аиндаҭлара мҩаԥгахоит Екатеринбург, ақәгылара ишиашо ицо аефир ала иддырбоит ателеканалқәа "Бокс ТВ", "Матч Боец".
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 15- Sputnik. Аҿар рыбжьара адунеи ачемпион Игор Адлеиба нанҳәа 22 рзы Екатеринбург, WBO аверсиала атурнир RCC Boxing Promotions аҟны дықәгылоит, диндаҭлоит урыстәылатәи аспортсмен Кантемир Калажоков.

Аԥсуа боксиорцәа злахәыз атурнир Шәачантәи Казанҟа ииаргеит акоронавирус иахырҟьаны

"Раԥхьаӡакәны аиндаҭлара Аԥсны сҽазыҟасҵоит. Москваҟа сцеит, аха сазыҟаҵаҩ акоронавирус иман аҟнытә, сгьежьны саар акәхеит. Аҽазыҟаҵарақәа ара ирыцысҵоит", - иҳәеит Игор Адлеиба.

Аԥсуа боксиор изы ари аиндаҭлара жәеизатәиуп.

"Уажәтәи аиндаҭлара ашьҭахь атитул агаразы сықәгылараны сыҟоуп. Хәымз ҵуеит акарантин ҳәа аҩны сыҟоуижьҭеи, уи аҟнытә зыҩаӡара ҳараку аиндаҭлара иаразнак амҩаԥгара уадаҩуп", - иазгәеиҭеит аспортсмен.

24 шықәса зхыҵуа Кантемир Калажоков аиндаҭларақәа фба мҩаԥигахьеит, урҭ рахьтә ҩынтә аиааира игеит.

Игор Адлеиба хышықәсоуп аӡәгьы дизымиааиижьҭеи, акапанбжьара иаҵанакуа урыстәылатәи абоксиорцәа рреитинг аҿы 15-тәи аҭыԥ никылоит.

Игор Адлеиба –WBO аверсиала аҿар рыбжьара адунеи дачемпионуп, кикбоксинг (фул контакт) азы адунеи Ахраҿа ианашьоуп, ареспублика аспорт азҟаза, Урыстәыла аспорт азҟазарахь акандидат.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: