Арадио

Аигумен Игнати Аԥшьа Иоанн Ахьҿа Камантәи иуахәама аҭааҩцәа рзы: аԥсуаа иаҳа ирацәаҩхеит

Каман иҟоу Аԥшьа Иоанн Ахьҿа ихьыӡ зху ауахәама иахагылоу аигумен Игнати Киут арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ауахәама аҭоурых, насгьы уи аҭааҩцәа рҟны азҿлымҳара ахьынӡамоу атәы.
Sputnik
Аигумен Игнати Аԥшьа Иоанн Ахьҿа Камантәи иуахәама аҭааҩцәа рзы: аԥсуаа иаҳа ирацәаҩхеит

"Аҭааҩцәа аӡын имаҷуп, ааԥын имаҷуп, ҭагалангьы ус, абжьааԥны аԥхын азы ирацәаҩхоит, аха акарнтин аамҭазы уиаҟара аԥсшьаҩцәа аҭаауамызт ауахәама. Аха иҳәатәуп, Аԥсны егьырҭ араионқәа рҟнытә, Гагра инаркны акыҭақәа Дәрыԥшь, Лыхны уҳәа рахьынтә иаауан аҭыԥантәи ауааԥсыра. Ауахәамаҿ иааны Анцәа иҳәоит, аӡаҿы инеины рыҽӡааршьуеит, абас еиԥш аҽеиҭакрақәа убартә иҟоуп. Урыстәылантәи аӡәгьы данымаа, ҳауаажәлар иаҳа иныҟәо иалагеит. Аха аҳәаа анаадырт, иаауа иалагеит аԥсшьаҩцәагьы, ус макьана имаҷҩуп. Уажәы амҩа аҟаҵара иаҿуп, ацҳагьы ҟаҵоуп, ауаа рцара-раара даара иманшәалоуп, амҩагьы усҟак аамҭа агом", - ҳәа еиҭеиҳәеит аигумен Игнати.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: