Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аб Никита (Адлеиба) Пантелеимон изы: исахьа иадгылан агәабзиара иаҳәоит иахьагьы

© Sputnik / Томас ТхайцукОтец Никита
Отец Никита  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәыма ақыҭан Анцәа иҽеиҭакра ахьӡала иргылоу ауахәама иахагылоу аириеи Никита Адлеиба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақьырсианцәа нанҳәа 9 рзы иазгәарҭо Пантелеимон ахәшәтәҩы игәалашәара амш аҭоурых атәы.
Аб Никита (Адлеиба) Пантелеимон изы: исахьа иадгылан агәабзиара иаҳәоит иахьагьы

"Ачымазарақәа зхәышәтәуа Пантелеимон имш амҽыша ахаҭа иақәшәеит, амҽыша ахаҭагьы амшаԥ хәыҷы ҳәа иԥхьаӡоу мшуп, еиқәшәеит, ҩынтә ныҳәангьы иҟалоит. Ацқьа Пантелеимон аҭоурых ӷәӷәа имоуп. Афонтәи ауахәама ду аҿы иҟоу аныҳәарҭа Пантелеимон ихьӡ ахуп. Иара иан адинхаҵара ныҟәылгон, иаб усҟак Анцәа игәра игомызт, амырҭаҭра дадгылан. Ахәыҷы иан даныԥсы, иаб амырҭаҭра ныҟәызгоз арҵаҩцәа дуқәа дриҭеит. Аха уахь дызлацоз амҩаҿы дынхон Ермолаи ҳәа Анцәа дхазҵоз, ахәыҷгьы иара иахь днеилон. Иара аинтерес икит Ермолаи изеиҭеиҳәоз Анцәа идҳәалаз ахҭысқәа, ажәабжьқәа. Зны иара иахьынтә дшаауаз, ҷкәына хәыҷык амаҭ ицҳан дыԥсны дшышьҭаз ибеит. Иара инапқәа ҩышьҭихын, Иаса Қьырса ихьӡ ҳәаны, Анцәа диҳәеит ахәыҷы иԥсы ҭаиҵарц. Ус иагьыҟалеит. Анаҩс иара иаб ишиҭахымыз аӡӡаахра идикылеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аб Никита.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0