Раионк аԥсҭазаараҟынтә: аигумен Игнати Аԥшьа Иоанн Ахьҿы Камантәи иуахәама иазкны
"Аҭааҩцәа аӡын имаҷуп, ааԥын имаҷуп, ҭагалангьы ус, абжьааԥны аԥхын азы ирацәаҩхоит, аха акарнтин аамҭазы уиаҟара аԥсшьаҩцәа аҭаауамызт ауахәама. Аха иҳәатәуп, Аԥсны егьырҭ араионқәа рҟнытә, Гагра инаркны акыҭақәа Дәрыԥшь, Лыхны уҳәа рахьынтә иаауан аҭыԥантәи ауааԥсыра. Ауахәамаҿ иааны Анцәа иҳәоит, аӡаҿы инеины рыҽӡааршьуеит, абас еиԥш аҽеиҭакрақәа убартә иҟоуп. Урыстәылантәи аӡәгьы данымаа, ҳауаажәлар иаҳа иныҟәо иалагеит. Аха аҳәаа анаадырт, иаауа иалагеит аԥсшьаҩцәагьы, ус макьана имаҷҩуп. Уажәы амҩа аҟаҵара иаҿуп, ацҳагьы ҟаҵоуп, ауаа рцара-раара даара иманшәалоуп, амҩагьы усҟак аамҭа агом", - ҳәа еиҭеиҳәеит аигумен Игнати.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аб Никита (Адлеиба) Пантелеимон изы: исахьа иадгылан агәабзиара иаҳәоит иахьагьы