Аӡәгьы ԥырхага имоуит: Аахыҵ Уаԥстәыла адгьылҵысра ҟалеит

Цхьинвал ауааԥсыра нанҳәа 18 асааҭ хԥа рзы адгьыл шыҵысыз рнырит. Макьаназы аӡәгьы ԥырхагак иоуит ҳәа адырра ыҟам.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 18 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла адгьылҵысра ҟалеит. Европа-Адгьылбжьарамшынтә сеисмологиатә центр адыррақәа рыла, адгьылҵысра аепицентр километрак адгьыл аҵа иҟан, магнитудала 3.8 балл инаӡон ҳәа аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.

Адгьылҵысра аепицентр Дзаутәи араион аҿы иҟан, 27 километр рыла Цхьинвал инацәыхараны.

Аахыҵ Уаԥстәыла АҶА макьаназы арбгарақәеи аахақәа рымазаареи рзы дырра ҟанаҵом. Амаҵзура ҷыдақәа араионтә ҟәшақәа рыҽрымардоит аҭагылазаашьа аилкааразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: